30.03.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит ААИ апостқәа рыҟны амедецинатә бригадақәа рыҷаҧшьара аиҿкааразы Адҵа.
Адҵа атекст аҟны иҳәоуп:
«1. Коронавирустә ҿкы COVID-19 ачымазара ацәырҵшьа аҷыдарақәа ахаҿқәа раарҧшра хықәкыс иҟаҵаны еиҿкаазаит амедицинатә бригадақәа реиҿкаара атранспорттә хархәагақәа рныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи ршоура ашәаразы:
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи аминистрра Гагра ақ. (Жәкәара), ААИ астационартә пост «Канал» аҟны;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра ААИ астационартә пост «Маҷара» аҟны;
- Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа ақ. алаларҭаҟны (Универсам).
2. Абри Адҵа анагӡара ахылаҧшра анапы ианҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәҩы Лолуа Р.В.».