24.03.2020
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Аҟәа араион Администрациа Ахада изы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Ихы дақәиҭтәызааит Смыр Валери Александр-иҧа Аҟәа араион Администрациа Ахада имаҵураҟнытә иалаиҵаз арзаҳал инақәыршәаны.
Аамҭала Аҟәа араион Администрациа Ахада инапынҵақәа рынагӡара инапы ианҵазааит Аҟәа араион Администрациа Ахада актәи ихаҭыҧуаҩ Ҷыҭанаа А.З.».