23.03.2020
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ихьӡала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра инамаданы адныҳәалара ааишьҭит.
«Атәылауаа рхы иақәиҭны ргәаҳәарала имҩаҧысыз алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира шәыуаажәлар рыҩныҵҟа ишәымоу аҳаҭыр шаҳаҭра азнауеит.
Сгәы иаанагоит, аҳәынҭқарра анапхгараҟны Шәара шәусура Аҧсны асоциалтә-економикатә аҿиара, жәларбжьаратәи аренаҟны шәтәыла аинтересқәа рыхьчара иацхраауеит ҳәа», – азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.
Владимир Путин аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы рырҕәҕәаразы Аслан Бжьаниа аус ицура дшазхиоу иҳәеит.