30.12.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Приднестровиатәи Молдавиа Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ашықәс Ҿыц еснагь иадаҳҳәалоит аиҭакра бзиақәа, иазҧхьагәаҭаны иҳамоу аусқәа қәҿиарала рынагӡара иазку ҳгәыӷрақәа. Ихирхааит 2020-тәи ашықәс ҳагәҭакқәа, ҳгәыҕрақәа рынагӡаразы, ҩнаҭацыҧхьаӡа ирзаанагааит аҳәоуеиқәшәара, абарақьаҭра.
Агәра згоит, аҧхьаҟагьы аҧсны-приднестровиатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы лыҵшәа бзиала ҳусеицура ҳажәларқәа реизҳазыҕьара алыршараҟны ишҳацхраауа.
Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иҧа, гәык-ҧсыка ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡарақәа, Приднестровиа ауаажәларра ирзеиҕьасшьоит ашықәсҿыцазтәи агәалаҟазаара, аҭынчра, абарақьаҭра».