Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ҭагалантəи аррахь ааҧхьара иазкыз Ашəарҭадара Ахеилак аилатəара мҩаҧигеит

24.12.2019

Ахада ҭагалантəи аррахь ааҧхьара иазкыз Ашəарҭадара Ахеилак аилатəара мҩаҧигеит

 
Ҧхынҷкəынмза 24 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ҭагалантəи аррахь ааҧхьара иазкыз Ашəарҭадара Ахеилак аилатəара мҩаҧигеит. 

Аҧсны Аҳəынҭқарра арратə комиссар Беслан Ҭарба иҳәеит ааҧхьара азҧхьагәаҭа анагӡара иадҳəалоу ауадаҩрақəа шыҟоу. Аилатəараҿы инаҵшьны иазгəаҭан, ааҧхьара қəҿиарала амҩаҧгаразы ишаҭаху аррахь ааҧхьара аҽазыҟаҵареи амҩаҧгареи ирызку аусмҩаҧгатəқəа ирылахəу аҳəынҭқарратə мчра аусбарҭақəеи, аиҿкаарақәеи, аусҳәарҭақәеи реимадара. Ахада Аҧсны Аҳəынҭқарра араионқəеи ақалақьқəеи радминистрациақəа рхадацəа ирыдиҵеит ааҧхьаратə комиссиақəеи, аҩныҵҟатəи аусқəа русбарҭақәеи, ахəышəтəырҭатə усҳəарҭақəеи рҽеимаданы русура аиҿкаара алдыршарц.

Жəалагалак аҳасабала аилатəараҿы иалацəажəан иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара ацҵаразы аҿҳəарахырҧара иазку аиҭакрақəа ралагалара. Ҷыдала, иреиҳаӡоу азанааҭтә ҵаразы аҳəынҭқарратə ҵараиурҭақəа ирҭоу атәылауаа арратә маҵзурахь ааҧхьаразы аҿҳəарахырҧара азин рыҭара актəи акурс аҟны рҵара хдыркəшаанӡа. Убри аан ирыдгалан иреиҳау аҵараиурҭаҟны актəи акурс хзыркəшаз атəылауаа рзы арратə маҵзура аҿҳəара ашьақəыргылара шықəсык ҳәа.

Аилатəара иалахəын иара убас Аҧсны Аҳəынҭқарра араионқəеи ақалақьқəеи рхадацəа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org