20.12.2019
Ҧхынҷкәынмза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Алан П.Б. «Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.
Адокумент аҟны иҳәоуп:
«Апедагогикатәи аҭҵаарадырратәи усураҟны алшамҭақәа рзи зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵараҟны алагаламҭа дуи азы Алан Патико Баграт-иҧа «Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит».