Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рассоциациа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит

17.12.2019

Ахада Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рассоциациа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит


Ҧхынҷкәынмза 17 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рассоциациа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аилацәажәара иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Леон» иорден занашьоу Бадри Агрба.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рассоциациа алахәцәа иазгәарҭеит аибашьра аинвалидцәа иҳаҩсыз хәышықәса рыҩныҵҟа амедицина-социалтә цхыраара рыҭара аусхк аҟны иҟоу алҵшәа бзиақәа ртәы. Ҷыдала, иазгәаҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа аҭыҧантәи реиҿкаарақәа финансла реиқәыршәара аус, актәи агәыҧ иаҵанакуа аинвалидцәа ирзаужьу ацхыраагӡақәа рышьҭыхра, Аҧсны Аҳәынҭқаррахь амахашьахақәа рзы апротезҟаҵаразы Германиатәи Афедеративтә Республика аспециалистцәа аҭыҧантәи аспециалистцәа апротезҟаҵараҟны атехнологиа ҿыцқәа рырҵаразы раара.

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра аганахьала аҧхьаҟагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рассоциациа аҧшьгарақәа адгылара шрыҭахо.

Ассоциациа алахәцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аусура ареформа азура иазкыз ажәалагалақәа ҟарҵеит.
Аилацәажәара иалахәын, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыц, Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org