10.12.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба адышшылара ҟаиҵеит асоветтә, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, «Аҧсадгьыл аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы» аорден занашьоу Иури Лужков иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
Адышшылара атекст аҟны иҳәоуп:
«Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара, Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәалсра дула адышшылара ҟасҵоит урыстәылатәи аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, «Аҧсадгьыл аҿаҧхьа алшамҭақәа рзы» аорден занашьоу Иури Михаил-иҧа Лужков иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.
Идунеи иҧсахит зыҧсадгьыл азы ипатриот иашаны иҟаз аҳәынҭқарратә усзуҩы ду. Иури Михаил-иҧа агәамч ду змаз, ааҧсарада аусура зылшоз, уаҩы лахҿыхны дыҟан, иуадаҩыз апостсоветтә аамҭақәа раан аҳҭнықалақь Москва напхгара аҭо, уи азы иҟаиҵаз рацәоуп.
Аҧсны есқьынгьы ахә ҳаракны иршьон Иури Михаил-иҧа Аҧсны жәлар рышҟа имаз азыҟазаашьа. Москва ахадас даныҟаз, Иури Михаил-иҧа изныкымкәа Аҧсны даҭаахьан. Иара хаҭала илшамҭоуп урыстәыла-аҧснытәи ауаажәларратәи акультуратәи еимадарақәа рышьақәыргылара.
Ари ауаҩ шьахә игәалашәара ахааназ ҳагәқәа рыҟны инхоит.
Гәалсрала ҳрыдышшылоит Иури Михаил-иҧа иуацәеи иҭынхацәеи, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит».