06.11.2019
Абҵарамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аиҧылара мҩаҧигеит Аҧсны Амилаҭтә банк анапхгареи Акоммерциатә банкқәа рнапхгаҩцәеи алархәны.
Аиҧылараҟны ирылацәажәан абанктә усхк аҟны уажәы иҟоу аҭагылазаашьеи, абанкқәа русурақәа рыҟны иҟоу апроблемақәеи агхақәеи, абанкқәа аиуристтә хаҿқәеи ауаҩытәҩсатә хаҿқәеи ирырҭо акредитқәа рҭагылазаашьа, иара убас акредиттәра алшарақәа рырҭбаара иазку азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада аиҧылара иалахәыз абанктә система еиҧҟьарада аус ауразы арҕәҕәара аҭахны ишыҟоу азхьарҧшны, иақәнагоу анапынҵақәа риҭеит Ахада Иадминистрациа анапхгара, Афинансқәа рминистрра, Аекономика аминистрра, Аҧсны Амилаҭтә банк.