05.05.2015
АУСҦҞА
Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭа хадақәа рнапхгаҩцәа рзы
04.05.2015
Адгәыр Ҳаразиа Аҟәа ақалақь аусбарҭа ахадас даҭоуп
Ахада инапы аҵаиҩит “Аҟәа ақалақь аусбарҭа ахада изы” Аусҧҟа.
04.05.2015
Удмуртиатәи Ареспублика (Урыстәылатәи Афедерациа) ашҟа аусуратә визитла
Лаҵарамза 6-7 ҳазҭ. аш. имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Удмуртиатәи Ареспублика ашҟа (Российская Федерация) иусуратә визит.
Аҟәа, 10.00
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра азҵаарақәа ирызку Аминистрцәа реилазаара аилатәара.
Ахада Аиҳабыра алахәылаҩцәа ирылеиҳәеит «Аҳәынҭқарратә напхгаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәразы» Аусҧҟа апроект азырхиара атәы.
03.05.2015
Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара
Аҟәа, 13.00
Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит.
Ари аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.
03.05.2015
Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара
Аҟәа, 13.00
Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит.
Ари аиҧылара далахәын иара убас Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.
02.05.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧыза-министр Артур Амқәаб Имшира идиныҳәалеит
Рауль Ҳаџьымба Аҧыза-министр Артур Амқәаб Имшира идиныҳәалеит.
02.05.2015
Орловтәи аобласт агәубернатор Вадим Потомски иҧылара
Аҟәа, 10.00
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Орловтәи аобласт агәубернатор, Урыстәыла Орловтәи аобласт аиҳабыра рхантәаҩы Вадим Потомскии уи напхгара ззиуаз аделегациеи дырҧылеит.
30.04.2015
Ихыркәшоуп Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликаҟны иусуратә визит
Ихыркәшоуп Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликаҟны ҩымштәи иусуратә визит.
29.04.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ахәылҧаз аҟны иқәгылара
29.04.2015
Иналукааша ҞЧА аусзуҩцәеи хатәгәаҧхаралатәи аиҿкаара алахәылаҩцәеи аҳамҭарыҭара
Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит иналукааша ҞЧА аусзуҩцәеи хатәгәаҧхаралтәи аиҿкаара алахәылаҩцәеи аҳамҭарыҭазы аусҧҟа.
29.04.2015
Ауаажәларратә еиҿкаара "ҞЧА аҟнытә Аҧсны зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Реидгыла" алахәылаҩцәа рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырҧылеит Ҟарачы-Черқьесынтәи зхатәгәаҧхарала 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәызи Аҧсны иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа – «ҞЧА аҟнытә Аҧсны зхатәгәаҧхарала иеибашьуаз Реидгыла» алахәылаҩцәеи. Аиҧылара иалахәын ҞЧА Ахада Рашид Темрезови ареспублика аиҳабыреи.
29.04.2015
Рауль Ҳаџьымба ианашьоуп "Аибашьраҿы агәымшәаразы” амедаль
Урыстәылазегьтәи аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара “Аибашьратә еиҩызара” Ҟарачы –Черқьестәи ареспубликатә ҟәша Ахеилак еицҿакны ишьҭырхыз аӡбамҭала Урыстәылеи Аҧсни ажәларқәа риашьара арҕәҕәараҿы илшамҭа ҷыдақәа рзы, 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаҧхарала иеибашьуаз ириҭо адгыларазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ианашьоуп “Аибашьраҿы агәымшәаразы” амедаль.
28.04.2015
Рауль Ҳаџьымба даҭааит аиҭашьақәыргыларатә комплекс "Архыз"
Рауль Ҳаџьымба напхгара ззиуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови аҭааны ирбеит зыргылара ахыркәшара мҩаҧысуа зегьеидгылоутәи атуристтә-еиҭашьақәыргыларатә комплекс "Архыз".
28.04.2015
Имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезови реиҧылара
Рашид Темрезов Аҧсны Ахада бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо даниҧылоз, инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭоурыхла, культурала иеизаааигәоу Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәылеи ирыбжьоу ҷыдалатәи, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ртәы. ҞЧА Ахада дрылацәажәеит аҩганктәи русеицура аҿиара азҵаарақәа, раҧхьа иргыланы, аекономика аҟәшаҿы.
26.04.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә визит
Авизит иалагӡаны иазгәаҭоуп ареспублика Ахада Рашид Темрезов, аиҳабыра алахәылаҩцәа, Ҟарачы-Черқьестәи Апарламент адепутатцәа, Аҧсны жәлар 1992 -1993 шш. Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны иеибашьыз иҭахаз аибашьцәа рҭынхацәа, ауаажәларра рҧылара
25.04.2015
Рауль Ҳаџьымба Гарри Бигәаа ииубилеи идиныҳәалеит
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аветерантә еиҿкаара «Абааш» ахантәаҩы Леон иорден занашьоу Гарри Бигәаа диҧылеит
24.04.2015
Аусҧҟақәа
24.04.2015
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аерманқәа рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара
Абарҭ агәалашәаратә алахьеиқәҵаратә амшқәа рзы Аҧсны иқәынхо ааӡаб ду зхызгаз аерман жәлар шәышҟа схы нарханы исҳәарц сҭахуп, адунеи зегьы зырхыџхыџыз ахҭыс хлымӡаахқәа ирылаӡыз аерман жәлар рыхьӡала шәхьааи шәгәырҩеи шшәыцеиҩаҳшо
24.04.2015
Аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» аиубилеитә ныҳәа аҭаара
Рауль Ҳаџьыимба даҭааит сынтәа аетнографиатә ансамбль «Ерцахә» ҩынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәа