09.10.2019
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов дидикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Анатоли Бибилов иҭабуп ҳәа еиҳәеит Алада Уаҧстәыла аделегациа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку ацеремониа иахьалахәыз азы.
«Аҧсни Алада Уаҧстәылеи реизыҟазаашьақәа – имариам амҩа ианысыз аиашьаратә жәларқәа реимадара ауп. Ҳаҧхьаҟа еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа маҷымкәа ишьҭоуп, ҳажәларқәа реизҳазыҕьара иазку аизыҟазаашьақәа шьақәҳаргылалароуп. Гәыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит ара иҟоу Алада Уаҧстәыла аделегациа. Ари ҳара ҳзы даҽазныкгьы ҳаизыҟазаашьақәа, ҳаимадарақәа ртәы зныҧшуа, арҭ аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟагьы реизырҳара шаҭаху атәы зҳәо хҭысуп», – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Анатоли Бибилов иазгәеиҭеит Аҧсны Ахада имаҵурахьы инеира иазку аусмҩаҧгатә иамоу аҵак ду.
«Ҳара ҳаиҧш, хыҧхьаӡара рацәала асасцәа злахәу ахҭыс зполитикатә ҭәымҭа иҭагылоу, идемократиатәу аҧсуа уаажәларра ииашоу амҩа ишану атәы зҳәо акрызҵазкуа хҭысуп. Сара даҽазныкгьы агәра шәсыргарц сҭахуп ҳажәларқәа реизааигәахара, шәышықәсала ишьақәгылоз ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рымҩа ҳшацәхьамҵуа», – иҳәеит иаҵшьны Анатоли Бибилов.
Аиҧылара ахыркәшамҭазы агәаларшәагатә ҳамҭақәа реимдара мҩаҧысит.