Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқкарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Ашәҭшьҭаҵара иазкыз ацеремониа иалахәын Аҧыза-министр Валери Бганба, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц, Апарламент адепутатцәа, аиҳабыра алахәцәа, аветерантәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи рылахәцәеи, аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәразы иааз асасцәа.