Цәыббрамза 10 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба адныҳәаларатә цҳамҭа изааишьҭит аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра инамаданы.
«Сара агәра згоит, Ахада имаҵураҟны Шәара шәусура аринахысгьы аидгылареи астратегиатә усеицуреи рыпринципқәа шьаҭас измоу урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишацхраало.
Урыстәыла Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиареи амилаҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку аҳасабтәқәа рыӡбараҟны ганрацәала ацхыраара иацнаҵоит.
Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа аҳәынҭқарратә усураҿы, иара убас агәабзиара, анасыҧ».