08.08.2019
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟа.
Аусԥҟа атекст аҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ашьақәыргылараҟны ллагаламҭеи акыр шықәса лыҵшәа бзиала лусуреи рзы Барцыц Елеонора Константин-иԥҳа илыхҵазааит «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы».