05.08.2019
Нанҳәамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәача ақ. аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин диҧылоит.
Аиҿцәажәарақәа раан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини асоциалтә-економикатә усеицуреи аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟатәи рыҿиареи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәоит.