Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Владимир Путин амшынуаа-амшынҵауаа рҭахара инамаданы идышшылара

03.07.2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иахь адышшылара ишьҭит 

Урыстәыла адгьылҵакыратә ӡқәа рыҟны иҵаулоу аӡаҵаҟатәи  аҭҵаарадырратә аппаратқәа рҟны  иҟалаз амцакра иахҟьаны амшынуаа- амшынҵауаа рҭахара инамаданы.

Адышшыларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу, Владимир Владимир-иҧа!
Гәалсрала сшәыдышшылоит Урыстәыла адгьылҵакыратә  ӡқәа рҟны иҵаулоу аӡаҵаҟатәи аҭҵаарадыратә аппаратқәа рыҟны иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахаз амшынуаа- амшынҵауаа рҭахара инамаданы. 

Аҧсны даара гәалсра дула ирыдыркылеит  иҟалаз арыцҳара иахҟьаны ауаа рҭахара. 
Аҳәара ҟасҵоит, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи  рхьаа шрыцеиҩаҳшо азы адырра рышәҭарц».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org