12.06.2019
Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аныҳәа - Урыстәыла Амш.
1990 шықәса рашәарамза 12 рзы аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит – ирыдыркылеит РСФСР аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Адокументалтә хроника иаҳәоит ари амилаҭтә ныҳәа иамоу иуникалтәу, ибеиоу аҭоурых атәы.
Урыстәылатәи Афедерациа иахьа – ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо аекономикеи уаҵәтәи амш агәрагареи змоу иҕәҕәоу ҳәынҭқарроуп.
Ахә ашьара уадаҩуп Шәара хаҭала ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу астратегиатә партниорреи аидгылареи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны шәлагаламҭа.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, азин сышәҭозар, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьи Урыстәыла ажәлар зегьи ари аныҳәа ду. Ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара, аихьӡара ҿыцқәа».