Гәули Кьычба лиубилеи лыдныҳәалара

Рашәарамза 8 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспубликатә еиҿкаара «Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» ахантәаҩы, Ауаажәларратә палата алахәҩы  Гәули Кьычба лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:   

«Ҳаҭыр зқәу Гәули Михаил-иҧҳа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәамш– шәиижьҭеи 70 шықәса аҵра! Шәара шәанысит ахьанҭарақәа маҷымкәа изцу аҧсҭазааратә мҩа. Аус ахьыжәуазаалак – Д.И. Гәлиа имемориалтә ҩны- музеи аҿы, И.Коҕониа ихьӡ зху Аҟәатәи акультуратә Центр аҿы иаашәырҧшуан аҭакҧхықәра ҳаракы, шәнапы ианыз иарбан усзаалак профессионалтә ҟазшьала, зыҟаҵара бзиала азнеишьа.

Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шш.)  раҧхьатәи амшқәа инадыркны шәыҷкәынцәа Арзамеҭи Дмитрии Аҭарбақәа Аҧсны ахьчаҩцәа гәымшәақәа рыгәҭа игылан. Арзамеҭ Ҭарба наунагӡа ихҵоуп Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Аибашьратә трагедиа ишәзыннажьыз агәырҩа-бааҧс шәаиааины, тәамҩахә ҟамҵа, шәазықәҧоит аҭынчра, шәашьҭоуп ҳажәлар ргәы ашьҭыхра.

 Акыр шықәса инеиҧынкыланы напхгара ашәҭоит аҭынчреи асоциалтә иашареи ирзықәҧо Анацәа Рхеидкыла. Хаҭала Шәареи шәҩызцәеи раҧшьгарала ари ауаажәларратә еиҿкаара аус дуқәа мҩаҧнагоит Аҧсны зхы ақәызҵаз аибашьцәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡ акамыршәразы, урҭ рҭаацәарақәа рыгәцаракразы, Аҧсни Урыстәылеи (ҷыдалагьы Нхыҵ-Кавкази) реигәныҩра арҕәҕәаразы, ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра аӡыргаразы.

Хаҭала Шәара шәрылахәын амилаҭбжьаратә еимакқәа рҭышәныртәалара иазкыз жәларбжьаратәиаконференциақәа. Активла шәрылахәуп Аҧсни уи анҭыҵи имҩаҧысуа ахҭысқәа.

Напхгара ззыжәуа ауаажәларратә еиҿкаара иалшаз рацәоуп ҳреспублика  асоциалтә бзазараҿы аҧҳәыс лроль, лаҳаҭыр ашьҭыхраҿы! 

Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, ашықәсынҵыра ду, аманшәалара, шәнапы злаку ауаажәларратә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа».


Возврат к списку