28.05.2019
Лаҵарамза 28 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аконституциатə закəан «Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада иалхразы» Аҧсны Аконституциатə закəан аҧсахра алагаларазы.
Адокумент атекст аҟны иҳəоуп:
«Ахәҭаҷ 1
«Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» 2004 ш. ҧхынгəымза 7 аҟн. №911-с-14 Аҧсны Аҳəынҭқарра Аконституциатə закəан (Аҧсны Аҳəынҭқарра азакəанҧҵаратə актқəа реизга 2004, №22, ахәҭ. 39, №39, ахәҭ.35; 2012, №42, ахәҭ.41, ахәҭ.62; агазеҭ «Республика Абхазиа» №69 (3103) 2014ш. ҧхынгəымза 02-03; №91 (3125), 2014ш. нанҳəамза 20-21; №108 (3285) 2015ш. цəыббрамза 29-30; №40 (3780), 2019ш. 18-19 мшаҧымза) анаҩстəи аҧсахра алагалазааит:
1) ахәҭаҷ 6 ахəҭа 1 аҟны ажəақəа «ҧшьымз ирхымгакəа» аныхзааит, ажəақəа «ҩымз ирхымгакəа» ҧсахзааит ажəақəа «мызкы иахымгакəа» рыла, анаҩс атекст ишаҳəо еиҧш».