23.05.2019
Лаҵарамза 23 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
***
Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа!
Лаҵарамза 21 рзы Жәлар Реизара ахәаҧшразы инашьҭын «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аҧсахрақәа ралагаларазы Азакәан апроект.
Ирыдгалоу азакәанапроект Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа, аус зуа азакәанҧҵара инарықәыршәаны, Ахада иконституциатә зинмчқәа рыҿҳәара аҳәаа иҭагӡаны азинтә шьаҭа анаҭоит ахада иалхрақәа ррыцхә 2019 шықәса ҧхынгәымза 21 аҟнытә нанҳәамза 25 рахь аиагарала аҧсахразы.
Абри ажәалагалазы аӡбамҭа адкылара ҟалеит ҷыдарыла ахада иалхрақәа рыламҭалазы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара хықәкыс иҟаҵаны.
Абри инамаданы, ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, неилымхрада зегьы, политикатә дунеихәаҧшрас, зеиҕьашьарақәас ишәымазаалак, шәышҟа ааҧхьара ҟасҵоит ари азакәан апроект адгылара ашәҭарц азы.