06.05.2019
Лаҵарамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаҧигеит аҧсны-урыстәылатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьала аҟаҵара иазкны.
Ахада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьеи рылҵшәақәеи рыла иҟоу адҵаҟаҵаратә пунктқәа зегьы рҭагылазаашьа, аимадаратә хархәагақәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәа иахьрыҵанакуа анапхгараҭаратә пунктқәа ирыцҵаны аусура раларгара алыршареиҧш иҟоу азҵаарақәа ҷыдала хшыҩзышьҭра шрыҭатәу атәы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыштаб хада Аиҳабы Васили Луниов Ахада иҟынӡа инеигеит аҽазыҟаҵарақәа зегьы рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз атемақәеи аусмҩаҧгатәқәеи ртәы.
«Аплан инақәыршәаны имҩаҧысуан Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәеи Урыстәылатәи Афедерациеи рымчқәеи ртехникатә лшарақәеи алархәны адҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Арҭ аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧган абарҭ атемақәа рыла: амчқәеи атехникеи аибашьра разырхиара, агрессиа алмыршаразы аҿагыларатә лшарақәа раарҧшра, аҭагылазаашьа анҭышәынтәаламха, аибашьра аиҿкаареи амҩаҧгареи», - иазгәеиҭеит Васили Луниов.
Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иара убас имҩаҧысыз аҽазыҟаҵарақәа дрыхцәажәеит:
«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, иҟалап ажәашықәсқәа рыҩныҵҟа акәзаргьы, ас мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит раҧхьаӡакәны. Аҧхьаҟа ҳара ари иацҵангьы имҩаҧаҳгалароуп. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҳҭароуп анапхгараҭаратә пунктқәа мыругала реиқәыршәара, аибашьра аҭахрақәа инарықәыршәаны урҭ разырхиара. Раионцыҧхьаӡа анапхгарҭатә пунктқәа аус руазароуп».
Ашәарҭадара Ахеилак мызкы аҩныҵҟала Ахада адырра инаҭоит имҩаҧысыз аҽазыҟаҵарақәа рылҵшәақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыдҵаҟара иадҵоу аҳасабтәқәа рынгӡашьа атәы.