Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шереметиево аҳаирбаҕәазаҟны иҟалаз арыцҳара иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит.
Адышшылара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәалсра дула сшәыдышшылоит Шереметиево аҳаирбаҕәазаҟны SSJ-100 аҳаиплан аҭахара инамаданы.
Лахьеиқәрала иҳадаҳкылеит арыцҳара иҟалаз иахҟьаны ауаа рҭахаразы иҳалаҩыз ажәабжь.
Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә ҳрыдышшылоит, рхьаа рыцеиҩаҳшоит ари авиакатастрофаҟны зыуацәа, зҭынхацәа ҭахаз».