04.05.2019
Лаҵарамза 4 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза СССР-и Европеи рчемпион Рашь Хәытаба ихьӡ зху аҧхьахә агаразы зхы иақәиҭу абырзен-римтә қәҧаразы XXVI Жәларбжьаратәи атурнир аартра даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада атурнир аиҿкааҩцәеи, асасцәеи, алахәцәеи аҧсшәа реиҳәеит:
«Итрадициа бзиахеит Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы ибзианы еицырдыруа Рашь Хәытаба ихьӡ зху аицлабрақәа рымҩаҧгара. Акраҵанакуеит ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа егьырҭ аспорт хкқәа рыҿгьы иҿиалар, ирлас-ырласны имҩаҧыслар. Ҳара иаҳҭахуп аспорт еисааира аҿар аднаҧхьалаларц, аҳәынҭқарра уи азы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Ҳасасцәагьы, аспортсменцәагьы, иахьа абраҟа иқәгылараны иҟоу зегьы, аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит».
Аицлабрақәа ирылахәуп Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтә аспортсменцәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгылеи рыҟынтә.