Лаҵарамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақ. ашкол №2 аҟны абылра аанкылара иалахәыз Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы аминистрра аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара иазку Адҵа инапы аҵаҩит.
Адҵа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Аҟәа ақ. А.С. Пушкин ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 аҟны абылра аанкылара иалахәыз Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьазы аминистрра аусзуҩцәа аџьшьара рыҭазааит иаадырҧшыз ахамеигӡареи апрофессионализми рзы».