12.04.2019
Мшаҧымза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Арӡынба Г.Л. акласстә чын ианашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ианашьазааит «Ашәахтә маҵзура аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа акласстә чын Арӡынба Геннади Леонти-иҧа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ».