Президент Республики Абхазия

 

Выступления и интервью Президента

07.12.2017

Выступление Президента на Седьмом съезде Всемирного абхазо-абазинского Конгресса

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ҳаҭыр зқәу Аконгресс алахәылацәа!

Иахьа Аҟәа имҩаҧысуа Аҧсуа-абаза Жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс Аизара Ду – крызҵазкуа хҭысуп ҳазну аҿиарамҩа аперспектива, ҳакзаара, ҧхьаҟатәи ҳаинырра аганахьала. Шәара шәеизеит ахәшьара ашәҭарц ҭоурыхла ҳазнысыз амҩа, иахьатәи ҳҭагылазаашьа, иазгәашәҭарц ҧхьаҟатәи ҳусқәа, иҳагу-иҳабзоу.

Ишдыру еиҧш, Аконгресс зымҽхак ҕәҕәоу уаажәларратә хеидкылак аҳасабала иит, ишьақәгылеит ҳажәлар рлахьынҵа зыӡбоз, аҭакҧхықәра ду зцыз аамҭазы – Аҧсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан.

Уи аахыс ари Аиҿкаара ду адац-ҧашә акырӡа иарҵаулахьеит, аҧсуааи абазақәеи рыгәҭыха ахьеибырҳәо, рыхшыҩ ахьеиларҵо, ҧхьаҟатәи рҧеиҧш иахьалацәажәо ҩнаҭа дук иаҩызахеит. Иахьагьы, ҧхьаҟагьы убас амчхара шамоу иаанхарцазы Аҧсуа-абаза Конгресс, – аҵыхәа ҧҵәахароуп аҽеиҩшара, уи ахыбра ду аҵаҟа ҭаацәарак еиҧш еицынхароуп зегьы: Кавказтәи Акомитет иалоугьы, Аҧсуа Федерациа иалоугьы.

Иахьа ара иеиниаз хьаас ишшәымоу здыруеит шьала иаагоу Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иҵегь рышьақәырҕәҕәаразы амҩақәа рыҧшаара. Ҳазегь гәҭыхас иҳамоуп иуадаҩу адемографиатә ҭагылазаашьа, амилаҭтә ресурсқәа реизырҳара апроблема, аҧсуа абаза бызшәақәа реиқәырхара, реизырҳара ҧсыхәас иамоу.

Иашоуп, уи аганахьала иҟаҵоуп агәыҕра ҳазҭо шьаҿақәак, аха ҳара хыҧхьаӡарала ҳазламаҷу ала, ҳкультуреи, ҳмилаҭтә дунеихәаҧшышьеи ҳцәымӡырц азы, иҳамазароуп инарҵауланы иҭҵаау, изызхәыцу ахыхьчаратә закәанҧҵаратә механизмқәа.
Ирацәоуп Аконгресс иалшаз Аҧсны, Ҟарачы-Черкесиа, Ҭырқәтәыла, Сириа, Иорданиа, Европатәи атәылақәа жәпакы рҿы уҳәа аҧсуааи абазақәеи ахьынхозаалакь, урҭ реидкылара, реизааигәатәра аганахьала.
Ҳдиаспора доуҳала, ҭоурыхла, бызшәала, идеологиала ракзаара – ари акыр жәашықәса лацәааихьшь ҟамҵа аус зыдулатәыз зҵаара хадан. Убри аганахьала иҳамоу алҵшәагьы зыбзоуроу аҧсҭазааратә ҧышәа ду змоу, атрадициа мырӡкәа иаазго аиҳабацәеи зџьынџь ашҟа агәыбылра ду аазырҧшуа, тәамҩахә змам аҿари реимадара, реихаҵгылара ауп.

Еилкаауп, ианакәзаалакь милаҭтә идеиа хадас иҳамаз, иҳамоу ажәлари аҧсадгьыли реиқәырхара шакәу. Уи аҧсуаагьы, абазақәагьы, ҳашьцәа адыгаагьы наџьнатә аахыс изҵагылоу бираҟуп. Аха амилаҭ реиқәырхара залшом, иҟамкәа аҳәынҭқарра, ажәлар рхаҿра ахьчара алзыршо уи атрибутқәа, амаҭәахәқәа зегьы. Ҳажәлар раӡәкра атема сеиҭазыхынҳәуа, иазгәасҭарц сҭахуп ихымҧадатәу даҽа знеишьакгьы. Аҧсны ҳаҟоума, Ҭырқәтәыла ҳаҟоума, Урыстәыла ҳаҟоума, егьа иуадаҩзаргьы, ихьанҭазаргьы, ҳариааироуп иаҳа зылшаз, еиҵа зылшаз ҳәа ахәшьарақәа рыҟаҵара, аполитикатә интересқәа ирыхҟьаны нырцә-аарцә агылара. Досу иҳалшаз, иҳалымшаз ахәшьара азҭо ажәлари, аамҭеи, аҭоурыхи роуп.
Политикатә хықәкы хадас иҟоу – Аҧсни, уи акәша-мыкәшеи – аҧсуа-абаза жәлар рлахьынҵоуп. Уи ҳанацымныҟәа, ҳазҿу зегьы ҵакыдахоит. Ҳарҭ зегьы ҳаишьцәазар, жәларык ҳакәзар, ҳхы мҩаҧаагароуп еишьцәаҵас, жәларык реиҧш, ҭаацәарак реиҧш. Ихадароу хықәкыс иҳамоу – Ҳаҧсадгьыл акәзар, ҳхатәы интересқәа мап нарыцәкны, Ҳаҧсадгьыл аинтересқәа ҳрышьҭалароуп. Даҽа мҩакы ҳамаӡам, даҽа мҩакы ҽеик ахь ҳашкылнамго сара саасҭагьы издыруа аиҳабацәа ҟәыҕақәа ара шәыҟоуп. Аидгылара ауп аиааира ҳзыргаз аибашьраан, аидгылара ауп аҧхьахә ҳзырго аҭынчра аамҭазгьы. Ианшәарҭаз аамҭазы Аҧсны иаҧҵахеит “Аидгылара”, ҳашьцәа абазақәа рҿы “Адгылара”. Уи хашҭра зқәым жәҩахыр-еибыҭароуп!
Убри аҟнытә, иахьагьы иҳалшо ҟаҳҵароуп Аҧсны аҳәынҭқарра амч-алша арҕәҕәаразы. Уи аекономика, абзазара амҽхак ашьҭыхразы неилых ҟамҵакәа, шәызегь ҳашәзыҧшуп шәабдуцәа урҭ рабдуцәа рџьынџьаҿы. Аҧсны аҳәынҭқарра ҕәҕәахарцазы, адунеиаҿ иҟоу аҧсуаа зегьы ҟәрышьқәак еизганы ҳекономика ҭыргароуп ҳәа иҟоу цәажәарақәак – ҳара ҳарзыразым. Зынӡаск даҽакуп, ҳџьынџьуаа ацхраарц рҭахызар иахьа Аҧсны иеиҿкаау амилаҭтә демографиатә фонд “Азҳара”. Уи, ҳазегь ҳамчқәа еилаҵаны, шаҟа иаҳзырҕәҕәо аҟара, маҷ-маҷ акәзаргьы, иазҳауеит аҧсуа ҭаацәара, аҧсуа милаҭ рымч-рылша, рперспектива.

Аҧсны аҳәынҭқарра иара иамоуп ахы зланыҟәнагаша амазара, аҧсабаратә ресурсқәа, аекономикатә мчхара. Уахь ҳхы ҳахашшаартә ҳаҟам. Аус злоу иҳаргыло аҳәынҭқарра хшыҩла, дыррала,политикала, дипломатиала, џьаусла, нхашәа-чашәала уҳәа аҽалархәроуп, дарбанзаалакь аҧсуа, абаза дахьыҟазаалакь.

Аҧсуаа-абазақәа адунеиаҿы иахьыҟазаалакь ирдыруазароуп, ирхамышҭыроуп, изхашҭызгьы иргәаладыршәароуп, рхәышҭаарақәа, ржәытә-рҿатә ршьам-дгьыл Аҧсны ишадҳәалоу. Ауаҩы иабацәа рхәышҭаарамцахь дхынҳәны данынха, Аҧсны данатәылауаҩха, аҧсуа паспорт игәы-иҧсы ианадиҵа инаркны, уи ауаажәларратә ҧсҭазаара даналахәха нахыс – иаргьы ихы иазимҳәароуп, ҳаргьы изаҳамҳәароуп арепатриант ҳәа.

Уи зинла зегьы дҳаҟароуп, Аҧсны даҵеиуп, итәыла, ижәлар рлахьынҵа, иаргьы илахьынҵоуп. Ҳаҧхьаҟагьы убас еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵатәуп, зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз еицаҳзеиҧшу аҧсуа ҳәынҭқарраҿы досу дара рхатә ҭыҧ ааныркылартә, профессионалла, дыррала дара иаҳа ирышьашәалоу аус аҿы. Ҷыдала ирызхәыцтәуп аҿар рырхынҳәра апроблемақәа, урҭ Аҧснытәи ауниверситет аума, атуризм аума, аргылара аума, аменеџьмент аума, ақыҭанхамҩа аума, иаҳа рхы ахьаадырҧшыша, аҵара ахьырҵаша, аус ахьыруша ҳасаб азуны. Абарҭ азҵаарақәа рыҭҵаара, разҧхьагәаҭара зегьы ируалҧшьахароуп: Арепатриациа ахеилак, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аекономикеи, Ақыҭанхамҩеи, Аҵареи, Акультуреи уҳәа рминистррақәа. Ари сара исусым ҳәа аӡәгьы аганахь дымгылароуп. Адунеи зегьы аҿы аҧсуааи абазақәеи зегьы еидызкыло Аконгресс акәзар, иара аҩныҵҟа иазыҧҵәахо ахеилакқәа аҟәшақәа инарықәыршәаны, ҳажәлар ирыдыргалароуп ҳәа сгәы иаанагоит аҧсҭазаараҿы ахархәара зауша апроектқәа.
Аизареи аизареи рыбжьара урҭ рынагӡашьа шымҩаҧысуа еибаҳҳәаратәы алшарақәа аҧҵатәуп. Абри аҿы ҳара ҳацхырааҩцәоуп, абарҭқәа рыла иаҳа амҽхак ҕәҕәахап ҳәа сгәы иаанагоит ҳдиаспора аҧсуа ҳәынҭқарра аргылара ралархәра. Ус акәымкәа, ацәажәара мацарахь ахы ҳархар, Ҳконгресс аусура, уи ҳмилаҭ реидкылараҿы, ҳҳәынҭқарра арыҕәҕәараҿы ахықәкы азынамыгӡар алшоит.

1200 шықәса раахыс аҧсуааи абазақәеи абиҧарала имырӡкәа иааргоз Аҧсуа ҳәынҭқарра егьа ҧынгыла аиузаргьы, егьа рыцҳара ахнагазаргьы, иахьа еиҭашьақәгылеит. Ҳажәлар рхақәиҭратә гәазыҳәара ду азымхәаҽит амҳаџьырра, ашәҟәы ҳарзанымхит ашьаарҵәыратә режим ҳҭаргыланы ҳазмаз Сталини Бериеи. Ҳажәлар ршьамхы адмырсит ақырҭуа фашизм аҿаҧхьа 1992-1993 шықәсқәа раан. Ҳаҧхьагылаҩ ду Владислав Григори-иҧа Арӡынба инапхгарала иалыршахеит Аҧсуа ҳәынҭқарра асуверенитет ҩаҧхьа ишьақәзыргылаз иҧшьоу аиааира ду.

2008 ш. азы ҳара ҳхьыҧшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа, иара убас адунеиаҿ иеицырдыруа акымкәа-ҩбамкәа егьырҭ атәылақәагьы. Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә-стратегиа ҵаҵҕәы рыман, иахьатәи ҳаизыҟазаашьақәа рҿгьы уи ахырхарҭа шыҟац иаанхоит. Аекономика, атәылахьчара, аҭҵаарадырра, атехника, агәабзиарахьчара, атуризм, аспорт уҳәа рымҩала иахьа Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара зеиҧшлагьы, регионлагьы имҩаҧысуа аинырра иамоу адинамика агәра ҳнаргоит аҩ-тәылак реизыҟазаашьа аҧеиҧш бзиа шаиуа. Ус анакәха - иҵегь иҭбаахоит Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәеи ҳареи здацқәа ҵаулоу ҳаигәныҩрагьы.

Агәрагара сымоуп, ҳазхазҵо атәылақәа рхыҧхьаӡара иҵегь ишазҳауа. Аус злоу – ҳара ҩныҵҟала иҳамоу аиҿкаара, насгьы ҳзеиҧш ус ашҟа иааҳарҧшуа аҭакҧхықәра ауп. Ааи, иааӡаӡом, ҳара ҳаҩныҵҟагьы иҟоуп гәынамӡарақәак, зеилибамкаарақәак. Аха аполитикатә процесс ахьымҩаҧысуа иахьакәзаалакь иҟоуп аимак-аиҿак, агәаанагарақәа реиуеиҧшымра.

Сара сахьахәаҧшуа, урҭ ҳамч зықәхо зҵаарақәоуп. Ҳара алшарақәа аҧаҳҵоит иаарту аицәажәаразы, адиалог азы, Апарламент аҿы, ателехәаҧшраҿы, акьыҧхьаҿы, Ауаажәларратә палатаҿы. Еснагь усеиҧш аусеицура ҳазхиоуп, уа утәы - са стәы ҳәа еилых ҟамҵакәа. Аха иара убри аамҭазы, аргама, иаахтны иаҳҳәахьеит принципла ҳшаҿагыло иконституциатәым мҩала амчра аҧсахразы иҟоу иарбанзаалакь аҽазышәара, иарбанзаалакь ареванш. Ҳара ҳуалҧшьақәа наҳагӡалароуп ҳажәлар закәанла иазҧырҵәаз аҿҳәара ааиаанӡа хьаҵрак ҟамҵакәа! Зегьы ижәдыруазар сҭахыуп ари высшьа змам ҧҟараны ишыҟоу!

Акыр иаҧсоу Аконгресс аделегатцәа!

Аҵыхәтәантәи аамҭазы шәарҭи ҳареи иҳабжьоу аимадарақәа, ауаажәларратә-культуратә еиныррақәа акырӡа иҕәҕәахеит, рымҽхак ҭбаахеит. Шәара шәрылахәуп Аҧсны имҩаҧысуа ауаажәларратә-политикатә процессқәа, шәылаҧш рхуп иеицаҳзеиҧшу апроблемақәа. Шәрышьҭоуп ҳџьынџьуаа ррепатриациа арцыхцыхра, уи арҿиара алзыршо амҩақәа.

Иааркьаҿны акәзаргьы, аинформациа шәысҭарц сҭахуп иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарраҿ иҟоу асоциал-економикатә ҿиара иазкны. Ишыжәдыруа еиҧш, ари аусаҿы ацхыраара маҷымкәа иҳанаҭоит Урыстәыла. Шықәсқәак ирылагӡаны иаҧҵоуп алшарақәа, аизҳара амҩа ианылартә еиҧш амилаҭтә економика, ақыҭанхамҩа, абанктә система, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, атуризм, аспорт, акультура. Иҧшаауп аҩныҵҟатәи ахыҵхырҭа ҿыцқәа Аҧсны абиуџьет аизырҳаразы. Ааигәа Урыстәыла Ахадеи сареи ҳнапы рыҵааҩит амедицинатә ҧгаҧса амҩала ҳауаажәлар хәыда-ҧсада Урыстәыла рыхәышәтәразы аиқәшаҳаҭра.

Ҳалаҧш ахуп абизнес маҷи анаплакқәеи рырҿиара аус. Ҳаҧхьаҟа уи иҵегь иазырҳахоит. Ашьаҿа бзиақәа еихгоуп анаплакқәеи, аусурҭатә ҭыҧқәеи раартразы, еиҳаракгьы ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адуларазы. Аҳәынҭқарра астратегиатә интересқәа рыхьчара аганахьала ашьаҿа ҕәҕәақәа ҟаҵоуп мрагыларатәи аҳәаа иаҧну Гал араионаҿы. Араҟа иҳаҕоу Кырҭтәылеи ҳареи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа арыҕәҕәара напы аҳаркит. Алеишәа рыҕәҕәахоит Аҧсны ауааҧсыра апаспорт ҿыцқәа рыҭара аусаҿы. Ҳара мап ацәаҳкуам аҳәаанырцәынтә иаауа ацхыраара, аха хықәкыс иҳамоу – Аҧсны иамоу амал-ашьал иалҵуа ала ажәлар рхала рхы ныҟәыргартә аҟаҵароуп.

Апарламенти ҳареи ҳусеицзура иабзоураны, уаҩ дзықәгәыҕша ашьаҿақәа ҟаҵоуп аусӡбаратә система арҿыцра аганахьала, аха, рыцҳарас иҟалаз, аусӡбаҩцәа ираҳҭаз ахақәиҭра, лассы-лассы аҳәынҭқарратә интерес аасҭа, ахатәы коммерциатә интерес адгылара ашҟа иандырхо ыҟоуп. Араҟа аҳәынҭқарратә знеишьа аҧыжәара аҭамзар ада ҧсыхәа ыҟам. Иара убас иалыршоу рацәоуп аҳәынҭқарра аконституциатә еиҭакрақәа рус аҿы. Закәанҧҵарыла иалыршахеит апартиақәа хаҭарнакра рзызуа ауааи хазы игоу акандидатцәеи маҷҩымкәа Апарламентахь демократиатә мҩала анеира азин рызҭо амеханизмқәа. Рзинқәа ҭбаахо иалагеит аҭыҧантәи амчратә усбарҭақәа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы алеишәа арыҕәҕәара, ацәгьоурақәа, рҿагылара, анаркотикатә маҭәашьарқәа раанкылара аус шымариамгьы, уи аганахьала иҟаҵоу ашьаҿақәа маҷым. Аха лабҿаба иаабоит ари аус асистематә знеишьа џьбара шазымхо! Сара иазгәасҭахьеит анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо, ҳҿар ҭазырхо ауаа рзын иҟазароу рыҧсы ҭанаҵы абахҭа рҭакра алзыршо азакәан. Убри аҟнытә апарламентаҿы уи азҵаара ӡбахароуп хымҧада!
Ауаҩшьрақәеи ақәыларақәеи ирылахәу рахьырхәразы иаарҧшхеит ашьауҕа усқәа маҷымкәа. Аха уи азхо иҟам, ацәгьаура ҟазҵаз зегьы, уала-ҭахыла еилыхны акәымкәа, досу рықәнага иақәыршәахароуп. Алыҵшәа аныҟоу, Апрокуратуреи Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, Ашәарҭадаратә мчрақәеи русеицура қәнагала ианеиҿкаау, урҭ зегьы хықәкык анагӡара ианашьҭоу ауп.

Аха иара убри аамҭазы макьана ҳазхьымӡац рацәоуп ҳауаажәлар рзинтә культура, азакәан амч, анырра ашьҭыхраҿы. Ҳазлагаз аусаҿы хьаҵра ҳақәым. Ирыҕәҕәахароуп дарбанзаалакь ачынуаҩ иду аусазын хаҭалатәи иҭакҧхықәра.

Еицакра шақәым жәдыруазар сҭахуп ҳаҧхьагылаҩ ду Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иҧшьоу рус!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәеизара ду аартра амш! Ишәзеиҕьасшьоит агәамч-ҕәҕәа, анасыҧ, шәнапы злакыу аус дуқәа рҿы аманшәалара! Нагӡара ақәзааит аҧсуа жәлар ҧсра зқәым реизыразра! Еилшәара ақәымзааит аҧсуааи абазақәеи, ачеркес жәлари аҭоурых ду змоу ракзаара! Иазҳалааит, ишәҭыкакаҷлааит аҧсуааи абазақәеи ҳзеиҧш хәышҭаара ду – Аҧсынтәыла, ихьыҧшым Аҧсуа ҳәынҭқарра!

Сажәа хыркәшауа, даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәасҭоит:

1. Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь ианыхынҳәы, Аҧсны атәылауаҩра анроу нахыс, рыуаажәлар ианрылаҵәа нахыс, ирхадыршҭроуп ишрепатриантцәаз. Урҭ сасцәаӡам - зегь ҳаиҧш иаҧшәымацәоуп, абра аҧсуа дгьылаҿы, Аҧсынтәыла.
2. Ихадароу усӡбатәны аҧсуааи абазақәеи ҳзы иҟалароуп ҳетнос аиқәырхара, арҿиара, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳҭоурыхтә дац-ҧашә аӡыргара, аизырҳара.
Гәык-ҧсыкала исҭахуп сақәныҳәарц аҧсуааи-абазақәеи ҳашьцәа ачеркесқәеи ҳареи ҳаӡәкра, ҳаиҩызара! Илашазааит, ихирзааит ҳазегь ҳажәҩахыр еибыҭаны ҳазну амҩа! Шьардаамҭа Аҧсынра!

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Администрация Президента Республики Абхазия, г. Сухум, Набережная Махаджиров, 32, тел.: +7 840 226 46 31, факс: +7 840 226 46 31
почта: info@presidentofabkhazia.org