Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра символика

Точный Герб РА.jpg

Аҧсны Аҳәынҭқарратә Герб

Аҧсны аҳәынҭқарратә Герб хыхьынтә ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны –  ашкәакәеи  аиаҵәа ҧшшәи рыла ишоу ҧыракуп. Агерб ацәаареи асиужеттә еиҿартәашьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп.  Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽыуаҩ алакә ҽы – Арашь дақәтәаны дануп.

Агерб аҩадатәи ахәҭаҟны симметриала ашкәакәеи аиаҵәа ҧшшәи ирнубаалоит ҩ-еҵәа хьыҧшшәылак. Агерб асиужет Нарҭаа ирызку аҧсуаа рфырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб иану аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду– аиҭаира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа  Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реидгылара символра рзыруеит.


Флаг Республики Абхазия Абираҟ

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аураала  аиаҵәеи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара  х-цәаҳәаки ираҟароу. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арҕьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь ианубаало анапы шкәакәа – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Агимн                                                         

Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимнуп. 1992 шықәсазы Аҧсны ахьыҧшымра аназхаҵаха, ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас иалхра ашьҭахь, жьҭаара 24, 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан “Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн азы” азакәанапроект. Аҧсуа Гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккәупациа аназыруз аамҭазтәи (1918-1921шш.) ашәа “Кьараз”.

Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн официалла Аҧсны аҳәынҭқарратә символны иҧхьаӡоуп, закәанла иарбоу аҭагылазаашьақәа раан инарыгӡо музыкатә-поезиатә рҿиамҭоуп.

Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн ишәыршәаны иақәырҕәҕәоу амузыкатә редакциеи атексти ирықәыршәаны инагӡазароуп.

 

«Аҧсны аҳәынҭқарратә Гимн азы» Аконституциатә закәан Иацу №



Ноты Гимна

Гимн Республики Абхазия

Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара зныҧшылаз.
Жәлар ламысла иҳаракхоит.
Рада, Раида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоу атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылан
Рыжәаҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымшәо
Ҧеҧш лаша ҳзыԥшуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-аҳшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра!


                 Скачать .mp3

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org