Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аекономика

Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә - економикатә

ҭагылазаашьазы аилыркаа

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә модель абас иҟоуп:

· иалыршоу АА аекономикатә ҿиара аҩаӡарала иеиҭаҵуа аекономика змоу атәылақәа ирыҵанакуеит; · аарыхратә мчқәа рыҿиара аҩаӡарала – индустрианӡатәуп;

· амилаҭтә економика ахьынӡаарту ала – иаартуп;

· аҿиара ахырхарҭқәа рыла – социалтә-зкратәуп;

· аекономикатә ҿиара аҩаӡарала – уааҧсырацыҧхьаӡа аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ абжьаратәи аҩаӡара амоуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиатә зкра хаданы иҟоуп аинновациатә, атәыла аекономикатә еизҳара аҿҳәара ду змоу асоциалтә-зкратә модель.

Ауааҧсыреи аусурҭа амазаареи

АА Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа арбагақәа рыла ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 2016 ш. ажьырныҳәамза 1 азы – 243 936  -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп:

· ақалақьуаа – 122 722 -ҩык (50,3%);

· ақыҭуаа – 121 214 -ҩык. (49,7%). 

Аусура зылшо ауааҧсыра рхыҧхьӡара – 144 483 –ҩык ыҟоуп. Аекономика аусхк аҟны аус зуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иартәоит 42 313-ҩык ауаа. Аҳәынҭқарратә ҟәшаҟны аус руеит – 31 787-ҩык ауаа; хазхаҭалатәи аусбарҭақәа рыҟны – 10 056 –ҩык ауаа.

2017 ш. Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аусурҭа змоу абжьарамзазтәи иуалафахәы иартәоит - 10 316 мааҭ. 2018 ш. хәажәкырамза 1 азы АА аусура зылшо ауаҩы абжьарамзазтәи зегьы иреиҵоу ихныҟәгага  иартәоит 6 702 мааҭ.

Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ

Аҧсны аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа арбагақәа рыла 2009-2012 шш. рзы аноминалтә ҩныҵҟатәи зеиҧш аалыҵ бжьаратәла 14,2% артәеит, еснагьтәи ахәқәа рҿы шықәсык 12,7% артәоит.

Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵ амҽхаки адинамикеи

Уаанӡа ишазгәаҭаз еиҧш, Аҧсны аекономика аҷыдарақәас иамоу, ааглыхра ахырхарҭа хадақәа аимпортхьыҧшымра ахьыҳаракуи адәныҟатәи аџьармыкьа аҭагылазаашьа аҟнытә анырра ду ахьаиууеи роуп.

Аноминалтә ишазҳауагьы, ахарџьқәа рымҽхак шыҳараку, иҟоу алшарақәагьы еффективла рхархәара шылаҟәу иаанхоит. Ари Аҧсны аекономикаҿы аекстенсивтә ҿиара шеиҳау атәы аҳәоит.

Аҩныҵҟатәи азеиҧш аалыҵи Аҳәынҭқарратә биуџьети

Объем валового внутреннего продукта (ВВП) в Республике Абхазия, по оценке Управления государственной статистики РА в 2016 г. составил 30 292,2 млрд руб., с темпом прироста 6% к уровню предыдущего года. В 2016 г. объем ВВП в расчете на одного жителя составил 124 180 руб. 

Аҧсны аҳәынҭқарратә финансқәа шьақәгылоуп: 

1. Аҳәынҭқарратә биуџьет (ареспубликатә биуџьети аҭыҧантәи – Аҟәа ақалақьи араионқәеи рбиуџьети( рыла;   

2. Аҳәынҭқарратә биуџьетныҵтәи фондқәа рсистем.

Аҧсны Аҳәынҭқарра финанстә документ хаданы иҟоуп Аҳәынҭқарратә биуџьет.  Аҳәынҭқарратә биуџьет иахәаҧшуеит, уи анагӡаразы аконтроль азнауеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент. Убас «2018 шықәсазы Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет азы» АА Азакәан  инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла 9 501,7 млн мааҭ ыҟоуп, аныхтәқәа рыла  9 607,9 млн мааҭ.

2018 ш. иазҧхьагәаҭоуп ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа 7 432,4 млн мааҭ, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп УА афинанстә цхыраара АА асоциалтә-економикатә ҿиара хықәкыс иаҭаны 2 671,6 млн. мааҭи «2017-2019 шш. АА асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программақәа» рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны 1 620,5 млн мааҭ.

Иазгәаҭатәуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҳәынҭқарратә биуџьет еизакы (консолидированный) айны. Убас, иаагозар, аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыла АА аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәқәа ирызҳаит 168,6%. Арҭ ахашәалахәқәа еиҳарак ишьақәгылоит ИАА (НДС), ахашәалахәы ашәахтә, аҳазатә шәатәқәа рыла. 

АА Аҳәынҭқарратә биуџьет еизакы Чакәзар, уи шьақәгылоит УА аҟнытә иааиуа ахархәагақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны. Арҭ ахархәагақша ааиуеит афинанстә цхыраара аҳасабала, иара убас «2017-2019 шш. АА асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.  

АА аекономика аҟәшатә еилазаара

Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономика иналукааша ҟәшаны иалукаар аҟалоит: 

· ааглыхра;

· атуризм;

· ақыҭанхамҩа;

· ахәаахәҭраа;

· амаҵзурақәа;

·аргылара;

· атранспорт;

· афинанстә ҟәша;

· аимадара уб.егь.

Ааглыхра

Аамҭала ибзианы иҿианы иҟаз, 500 наплакы еидызкылоз Аҧсны ааглыхра, 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьи уинахыс, Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реиҩызара атәылақәа рганахьала аекономикатә санкциақәа ирыхҟьаны быжьшықәса изҭагылаз аблокадеи рнаҩс икаҳаит. Афонд хадақәа, аинфраструктуратә обиектқәа хырбгалан, иеимҵәан мамзаргьы технологиала акыр иаҵахеит, уи иахҟьаны аквалификациа змаз акадрқәа ықәҵны ицо иалагеит.   Аха хыхь иазгәаҭоу аҭагылазаашьа шыҟоугьы, Аҧсны ааглыхра аиҭаҿиара иаҿуп. 

Абасала, ҳазҭагылоу аамҭазы, АА ааглыхратә ҟәша атәыла аҩныҵҟатәи аекономикатә лшара шьақәзыргыло ихадаратәу аҟәшақәа хҧа ирыҵанакуеит.  2017 ш. ааглыхратә аалыҵқәа рымҽхак 3 541,1 млн мааҭ артәеит. Иахьа Аҧсны  100 инареиҳаны ааглыхратә наплакы ыҟоуп, урҭ рахьтә  87 ҳәынҭқарратәқәаӡам. Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа 2017 ш. арбагақәа рыла  аҟәшаҟны аус руеит 1 956 –ҩык ауааҧсыра. Ааглыхратә наплакқәа реиҳарак Аҟәа ақ. аҟны иҟоуп ( 40% иреиҳауп). 

Аҧсны иахьатәи ааглыхра аҿиара ахырхарҭа хадақәаны иалукаар алшоит:

- амҿы аусадуларатә ааглыхра (абна азырхиара, производство ашпони аҩнымаҭәеи рыҟаҵара, аҧсыӡ шылеи аҧсыӡ шшеи);

- адгьылҵыхратә (добыча аинертных материалов, известняка, угля);

-  аусадуларатә (аметалл еиқәаҵәеи аҧштәы змоуи аихаҷа-маҷа, атротуартә хаҳәцәы, аблокқәа, абетон рҭыжьра);

- афатәтә (ачалых, арыжәтә џьбареи иџьбарам арыжҽтәи рҭыжьра);

- ааглыхра ласы (иӡаху алыхымҭақәа рҭыжьра);

- аполиграфиатә ааглыхра (акьыҧхьтә аалыҵ аҭыжьра) уб. егь.

 

  Иазгәаҭатәуп Аҧсны аекономиказы аҵак ду змоу аекспортхырхарҭа змоу аҩыҟаҵареи аҧсыӡ еиҭаусадулареи рааглыхра. Убас Аҧсны Аҳәынҭқарра иалҵуа аекспорт ахәҭаҷ ду ахь иаҵанакуеит аҩыҟаҵаратә аалыҵ, уи 2017 ш. аекспорт зегьы аҟны 75%  ааннакылеит.

  Аҧсны, атәылақәа Испаниа, Италиа, Қырҭтәыла, Франциа инарываргыланы урыстәылатәи аџьармыкьахь аҩы назго хә-тәылак ирылаҧхьаӡоуп. 2017-и 2016 –и аш.-қәа рзы мацара АА аҟнытә УА експортҵас ишьҭын аҩы аалыҵ  2,7 -еи 2,5 млрд мааҭ рыхә.

Ирацәамкәа Аҧсны иҟоуп: ацха, ауараш, аџьыка, аминералтәи аӡыхаақәеи раарыхра. 2012 шықәсазы Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхырааразы 2010-2012 шықәсазтәи Акомплекстә план инақәыршәаны аусура иаларган Аҟәатәи ахштә зауад, иазгәаҭоуп аиҭаусадуларатә ааглыхрахь аҳәынҭқарратә инвестициақәа ралагалара.

Хадаратәла, акапиталтә ргылареи асоциалтә инфраструктура аобиектқәа реиҭашьақәыргылареи хырхарҭас измаз Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара аҳәаа иҭагӡаны аргылара амҽхак арҭбаара анырра бзиа анаҭеит аргыларатә материалқәа аҩныҵҟатәи раарыхра амҽхак, уи иара убас аарыхратә ааглыхра амҽхакгьы иазнарҳаит.

Ааглыхра астратегиатә хәҭа иаҵанакуеит афымцамч аарыхра. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны иаадрыхуа афымцамч зегьы Кавказ Егры аӡы аҿы иҟоу аӡфымцамчхарастанциа дуӡӡа ишышьақәнаргыло. Аҧсны аӡылшарақәа азгәаҭаны, шықәсык аҩныҵҟа 13,5 млн.куб.м. инареиҳаны аӡы алеира иеиуеиҧшым агәаанаграқәа рыла 3,5 млн кВТ иреиҳауп. Аҳәынҭқарра аӡфымцамчхара аҿиара астратегиатә ҵакы шамоу еиҧш, ҧеиҧш змоу уснагӡатәны иқәгылоуп атәыла анапхгара рҿаҧхьа.

2014 шықәсазтәи Шәачатәи аолимпиада аҽазыҟаҵара аҳәаа иҭагӡаны аспорттәи аинфраструктура обиектқәеи рыргылараҿы иаҭахыз аинерттә матриалқәа рекспорт азҳара иара убас аргыларатә матриалқәеи аарыхратә ҟәшеи рааглыхра амҽхак ибзианы ианыҧшит. Иазгәаҭатәуп, аинерттә матриалқәа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытә Урыстәылатәи Афедерациахь агара иахьагьы ишаҿу.

Атуризм

Аҧсны аекономика аҟәшақәа еиҳа ибзианы, ҧеиҧш аманы иҿио иреиуоуп атуризм. Есышықәса Аҧсны миллионҩык инареиҳаны атуристцәа адзыҧхьало, Аҧсны атуристтә аалыҵ аконкуренттә ҧыжәарақәа жәпакы (аҳауа, аҧсабара, аҭоурыхтә баҟақәа, архитектура уҳәа уб.егь.) ирыбзоураны атуристтә маҵзурақәа рџьырмыкьаҿы апозициа ҕәҕәоуп. Ареспублика аекономика арбагақәа рыла, атуриндустриа абиуџьет иалало ашәахтәқәа аагамҭақәа рахьтә ахҧатәи ахәҭа ааннакылоит.

Еиҳа хархәара змоу туристтә хкны иҟоуп адыррра-еилкааратә, уи бжьаратәла Аҧсныҟа иаауа атуристцәа рҟынтә 60% дыртәоит. Адырра-еилкааратә инаваргыланы қәҿиарала аҿиара иаҿуп агәабзиарачаҧаратә туризмгьы.

Аҧсшьареи аҽыхәышәтәреи рзы иаауа реиҳараҩык Гагра араион аҟны иаангылоит, избан акәзар 70% инареиҳаны аус зуа Аҧсны агәабзиарачаҧарҭатә-курорттә обиектқәа ахьыҟоу Гагра, Пицунда ақалақьқәа рыҟноуп. Иара убас иазгәаҭатәуп атуристцәа адзыҧхьало иалагаз ақалақьқәа Афон ҿыц, Гәдоуҭа, ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атуризм аҟәша ццакны аҿиара иалагеит.

Абас, Аҧсны атуризм лҵшәа бзиала аҿиара ишаҿугьы атәыла, изыхҟьазаалак, атуристтә лшара иахьынӡахәҭоу хархәара амам. Хыхь иеиқәыҧхьаӡоу аконкуренттә ҧыжәарақәа рхыҧхьаӡараҿы ихадароу акәны иҟоуп атәыла аекологиа азҩыдара. Атуристцәа адзыҧхьало ируакуп аҳауа, асубтропикатә ҵиаа хкқәа, амшын ӡы ацқьара. Аҧсны  ирацәоуп амшын аҧшаҳәа иаҧну атуристтә центрқәа, асасааирҭақәа, аҧсшьарҭа ҩнқәа, агәабзиарачаҧарҭақәа.  Урҭ реиҳарак асоветтә аамҭазы иргылоуп, џьоукы Урыстәыла Аҳра иахаануп.   

2017 шықәсазтәи агәабзиарачаҧаратәи атуристтә-екскурсиатәи маҵзурақәа рымҽхак иааизакны Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иартәеит 1 908,6 млн мааҭ.  АУН «Афонҿыцтәи аҳаҧы акомплекси» Риҵатәи арелиқттә милаҭтә парки 2017 ш. ирҭааит 709 нызқьҩык ауаа. 

 Ақыҭанхамҩа

Аҧсны – традициала аграртә тәылоуп. 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ақыҭанхамҩа СССР аҭахрақәа рынагӡаразы иуникалтәу Аҧсны аҳауатә лшарақәа рхархәара иазкын. Убри аҟнытә ақыҭанхамҩатә культурақәа рахьтә еиҳа ирацәан асубтропикатәқәа: ацитрустәқәа (аамандарин, атырқал), ачай, аҭаҭын, акакан, абна раса, атунг уҳәа уб.егь. Ирааӡон иара убас аџьықәреи, ажь, ауҭраҭых. Аибашьра ашьҭахь Аҧсны иадҵаз аекономикатә санкциақәа ирыхҟьаны адәныҟатәи ахәаахәҭра аанкылан, хныҟәгагас иҟаз ақыҭанхамҩа акәхеит. Акыр имаҷхеит аҧсаса, ашьамаҟа.

Ҳазҭагылоу аамҭазы АА адгьылхархәаҩцәа рхы иадырхәо адгьыл ҭып 397,3 нызқь га артәоит. Ақыҭанхамҩа аҿиара ахырхарҭа хадақәа рахьтә иалукаар алшоит: аҧсыӡкреи (ақамашьи́а, афаранџь) аҵиааӡареи (ацитрустәқәа, афеихуа, ахәырма - 7,2 нызқь га; аӡахәаҭрақәа – 2,6 нызқь га; абна раса уҳәа уб.егь.). Аҧсны иаадрыхуа ақыҭанхмҩаалыҵ еиҳарак Урыстәылатәи Афедерациеи Ҭырқәтәылаҟеи идәықәҵахоит.

Аҧсны аекономикаҿы ақыҭанхамҩа аҵакы ду азгәаҭаны, аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала ари аҟәша адгылара аҭаразы ауснагӡатәқәа мҩаҧгоуп. Убас, Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны 2010-2012 шш. рзы 1000 га инареиҳаны акыршықәсанызҵуа ақыҭанхамҩатә культурақәа еиҭаҳан. 2015 ш. иазгәаҭоуп еиҭа 1000 га ахархәара аҭахоит ҳәа. Аргылара мҩаҧысуеит 2500 тонна зкуа ашәыруҭраҭыхҵәахырҭа, амыруга аахәахоит. Ашәыртә культурақәа, ацха аус адуларазы анаплакы апроект азырхиара мҩаҧысуеит. Арҭгьы егьырҭ ауснагӡатәқәагьы иҭыжьхо аалыҵ ахаҭабзиара ашьҭыхра, егьырҭ атәылақәа рыҟны аиндаҭларатә џьырмыкьақәа рҿы, лымкаала Урыстәыла аҧсуа қыҭанхамҩатә аалыҵ хкқәа рыцҵара ирызкуп.

Ахәаахәҭра

Ахәаахәҭра Аҩныҵҟатәи азеиҧш еицҵалыҵ (2017 ш.) амҽхак ала актәи аҭыҧ аннакылоит, уи ахәҭа иартәоит  иацҵоу ахәҧса зегьы аҟнытә 25%. 2017 ш. АА аизакы хәаахәҭра азеиҧш мҽхакы иартәеит  11 784,14 млн мааҭ, заҵәыла ахәаахәҭра – 17 109,5 млн мааҭ.  Ареспублика атауареикәшараҟны еиҳа ирацәоуп атаур агәыҧқәа: абензин, аргыларатә материалқәа, ача, ачалыхқәа, акәац, аҧсаатә, ахш, ахшлых, ауҭраҭых, ачашыла, акондитертә лыхқәа уб.егь. Ари аусхк аҟны аус руеит аекономикаҟны аус зуа рзеиҧш хыҧхьаӡараҟнытә 5% рҟынӡа уааҧсыра.

Амаҵзурақәа

Ауааҧсыра зыхә ршәо амаҵзурақәа рырбага ауааҧсыра рыҧсҭазаара аҩаӡара ахьынӡаҟоу харҭәааны иунаҭоит уи иагьаҵанакуеит иеизакны абарҭ амаҵзурақәа русура алҵшәақәа: 

- абзазаратә маҵзурақәа;

- анхамҩа-коммуналтә маҵзурақәа;

- апассаџьыртә транспорти аидареи рмаҵзурақәа;

- аҵара асистема, акультура, абаҩрҵәыратә культура, аспорт маҵзурақәа;

- амедицинатә маҵзурақәа;

- атуристтә-екскурсиатәи асанаториатәи  гәабзиарачаҧарҭатә маҵзурақәа;

- азинтә ҟазшьа змоу амаҵзурақәа.

Ареспубликаҟны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зыхәҧса шәатәу амаҵзурақәа рымҽхак ццакны аизҳара мҩаҧысуеит. АА аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа арбагақәа рыла 2017 шықәса 12 мзы рыҩныҵҟала хаҭалатәи анаплакқәа инарыгӡаз ауааҧсыра зыхә ршәоз амаҵзурақәа рымҽхак иартәеит 7 077,9 млн мааҭ. 

  Зыхә шәатәу амаҵзурақәа реилазаараҿы иреиҳау акапан хәҭа ааныркылоит аимадара амаҵзурақәеи асанаториатә-гәабзиарачаҧарҭатә маҵзурақәеи.

Аргылара

Ареспублика Аҩныҵҟатәи азеиҧш еицҵалыҵ шьақәзыргыло аҟәша дуқәа иреиуоуп аргылара. Аргылара аҿиара иацхраауеит иҟоу еиуеиҧшым аминералтә лшара дуқәа, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп амармалташь, ашха хаҳәа, аҧслымӡ, ақьырмыт-кыцтә нышәаҧшь уҳәа уб.егь.  

Аргылара иалахәуп аиуристтә хаҿқәа реиҧш, ауааҧсыратә хаҿқәагьы. Зынӡа Егры анаплакы аҟны иарбоуп 230 наплакы. Ари аусхк аҟны аус руеит 1 800 –ҩык ауаа. Анаплакқәа реиҳарак ҳәынҭқарратәқәаӡам. Афирмақәа еиуеиҧшым амаҵзурақәа рыла аус руеит, урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп аобиектқәа рзы апроектаҧҵара, аргылара, еиуеиҧшым аргыламҭақща реиҭашьақәыргылара,  азыҟаҵаратә усурақәа зегьы, ахыбаратә усурақәа уҳәа уб.егь. Аҧсны аргыларатә  еиҿкаарақәа реиҳарак имҩаҧырго аусура – шьаҭанкылатәи арҽеиратә усурақәа роуп. Аргыларатә еиҿкаарақәа инарыгӡаз аусурақәа рымҽхак 2017 ш. иартәеит 2 690,6 млн мааҭ.

Атранспорт

Аҧсны ихадоу транспорт хкқәа зегьы ыҟоуп. Ари аҟәша ареспубликазы идууп ҳәа иҧхьаӡоуп. Уа аус зуа рхыҧхьаӡара 1,3 нызқьҩык иреиҳауп. Амҩатә каҭа аилазаашьа – гәыцәтәиуп: амҩа хада, амшын аҧшаҳәала иаауа ареспублика амашьынамҩақәа зегьы ирымадоуп. Аҳәынҭқарратә ҵакы змоу автомҩақәа раура – 473,8 км инаӡоит, аҭыҧантәи аҵакы змоу – 1830,9 км ыҟоуп.

Аихамҩатә транспорт акәзар, Аҧсны аихамҩақәа раура 239 км рҟынӡа инаӡоит. Ари афымцарку мҩакы ала ишьақәгылоу амшын аҧшаҳәа иаҧну аихамҩатә цәаҳәоуп Шәача-Аҟәа-Гал  имҩахыҵуа   амҩа Очамчыра-Тҟәуарчал (Очамчыра абаҕәазахь арацәа назго). Аҧсны иалсны ицо аихамҩа аркуп 1992 ш. раахыс. Акаҭа ахархәара напхгара азнауеит АУН  «Аҧсны аихамҩа».

СССР ахаан республикаҟнытә аидарамҩангара амҽхак 12-14 миллион тонн рҟынӡа инаӡон. Аҟәантә уахгьы –ҽынгьы ицон  18 пассаџьыртә дәыҕба ҩба-ҩбала. Аихамҩа иалахәыз зегьы фымцаркын 1950-60-шықәсқәа раан.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҟәа ақ. иааиҧмырҟьаӡакәа адәыҕбақәа ныҟәоит  Аҟәа-Москва, Аҟәа-Санкт-Петербург, Аҟәа-Самара ахырхарҭала. Иара убас аҧхын аҳәаа ахысра арманшәаларазы Гагра ақ. Шәача ақ. ирыбжьоуп афымцадәыҕба.    

АА аҟны аҳаиртә баҕәазақәа ҩба ыҟоуп. Аҳаиртә баҕәаза Аҟәа аҳҭнықалақь иналганы 25 км ахьыбжьоу аҭыҧ аҟны иҟоуп, аҧырра-ртәаратә цәаҳәа аура 4 км ыҟоуп, иҭбаау афиузелиажтә пассаџьыртә лаинерқәеи 200т. рҟынӡа аидарашьҭыхра зылшо атранспорттә ҳаирпланқәа рыдкылара алшоит. Аҳаирплан Бамбора, Гәдоуҭа ақ. Азааигәара, Аҟәантә 40 км ахьыбжьоу аҭыҧ аҟны иҟоуп. Атәылауаҩратә ҳаирпланқәа рыдкылареи амш зеиҧшразаалак арра-мшынтәи атранспорттә авиациа амаҵуреи алшоит. Ҳазҭаглыоу аамҭазы апассаџьыртә еимадара АА аҟны иҟоу аҳаиртә баҕәазақәа рыла рымҩаҧгара мҩаҧысӡом.

Атәылаҿы иҟоуп амшынтә баҕәазақәа хҧа, аибашьратә ҭахрақәа рзы иргылоу Очамчыратәи абаҕәаза налаҵаны. Аҧсны амшынтә баҕәаза хаданы иҟоуп – Аҟәа, арантә 1992—1993 шш. Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьра иадҳәалаз аблокада ҟалаанӡа аидарақәеи апассаџьырқәеи рымҩангара мҩаҧысуан (аидараеикәшара шықәсык  290 000 т. рҟынӡа инаӡон).

Аҧсны абаҕәазақәа аҳәынҭқарра иахьчоит. Абаҕәазақәа русура нангӡоит аилахәыра «Аҧсны амшынтә ҕбаныҟәара».

Афинанстә ҟәша

Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылуаҩратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 140 инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә валиутаны иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа амааҭ.

Аҧсны зхатә валиута мап ацәызкыз атәылақәа рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу ала, атәыла аҧаратә масса аизакра хыҵхырҭас иамоуп ахәшәаратә баланс иҵоуроу асальдо.

Аҧсны Аҳәынҭқарра иаку аҳәынҭқарратә ҧаратә-кредиттә политика иазнархиоит иагьымҩаҧнагоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Аҧсны Аминистрцәа реилазаара аус ацурала.

Аҧсны Амилаҭтә банк хылаҧшра зуа усбарҭаны иҟоуп Аҧсны Амилаҭтә банк алицензиа змоу абанкқәеи егьырҭ акредиттә еиҿкаарақәеи рзы.  Аҧсны Амилаҭтә банк азинтә статуси афункциақәеи шьақәыргылоуп «Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аҧсны Абанк) азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ала.

 Аҧсны Абанк аҧаратә-кредиттә еизыҟазаашьақәа ҟазшьарбагас ирымоу ихадоу арбақәа:

·         Аҧсны Абанк аҿаҧхьа акредиттә еиҿкаарақәа ирықәу акредит ашықәсбжьаратәи азыҧҵәа – 12%;

·         Аҧсны Абанк аҿаҧхьа акредиттә еиҿкаарақәа ирықәу акредит ашықәсбжьаратәи апроценттә зыҧҵәа (амаржа апунктқәа 6 ашықәсбжьаратәи азыҧҵәа иадкыланы) – 18%;

·         УА амааҭ ала ирыдгалоу бжьаратәлаишәоу-изоу апроценттә зыҧҵәа абанкбжьаратә кредитқәа рзы - – 22%;

2018 шықәса алагамҭазы Аҧсны аҳәынҭқарра Абанктә система шьақәгылоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки аус зуа акредиттә еиҿкаарақәа 10 рыла (уахь иалоуп акоммерциатә банкқәа 9 абанкнҭыҵтәи ахыҧхьаӡаларҭатә кредиттә еиҿкаареи).

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, аполитикатә курс ҿыц инақәыршәаны, ареспублика абанктә система аекономика ашьҭыҵра апроцесс активла аҽаланархәит. Уи еиҳа асоциалтә-хырхарҭа шьҭнахит. 2015 ш. мацара АА Амилаҭтә банк иазнархиеит иҷыдоу амыругақәа аекономика ахәҭақәак рзы. 

1.       Убас, иаагозар, Аҧсны Абанк АА Аекономика аминистрра аус ацурала иаҧҵоуп анаплакра маҷ асубиектқәа (АМС) адгылара рыҭаразы амеханизм. Уи иазҧхьагәанаҭон Амилаҭтә Банк аҧаратә хархәагақәа радҧхьалара «Анаплакра маҷ асубиектқәа акредит рыҭара иазку аҧҟаразы»  Аҧсны Амилаҭтә Банк Аҧҟара инақәыршәаны иалкааз АМС ирыднагалаз акредитқәа рзинқәа рҭахрақәа шасыс иҟаҵаны.  Аҵыхәтәаны акредит зауз ракәхеит АА аекономика аҿиаразы ихадароу ахырхарҭақәа рыҟны аус зуа хаҭалатәи анаплакыҩцәеи аиуристтә хаҿқәеи – ақыҭанхамҩаҟн, атуристтә усхк аҟны, ааглыхраҟны, аргылараҟны уҳәа уб.егь. рыҟны. Ақыҭанхамҩаҟны аус зуаз АМС рзы иалкаан апроценттә зыҧҵәа ҳәа 6% шықәсык аҩныҵҟа, егьырҭ аусхкқәа рыҟны аус зуа рзы – ашықәсазтәи 12%.

2.       Ашәатәқәа аелектронтә хархәагақәа рыла  атәанчахәқәеи асоциалтә цхыраагӡақәеи рашәаразы апрограмма анагӡара инаваргыланы, иара убас акредиттә еиҿкаарақәа ареспублика абиуџьеттәи акоммерциатәи еиҿкаарақәа рыҟны «ауалафахәтәы проектқәа» иаларгалази рнаҩс, 2015 шықәса жьҭаарамзазы Аҧсны Амилаҭтә банк иазнархиеит акредиттә еиҿкаарақәа рзы аиҭафинансыркра иазку ҷыдалатәи акредит анаҩс ауалафахәы, атәанчахәы, егьырҭ ашәатәқәа зауа ауааҧсыратә хаҿқәа акредит акарта “АҦРА” ала рыҭаразы.   

 3.  2015 ш. АА Амилаҭтә банк ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рзы хықәкылатәи апрограмма хацнаркит. Абри апрограммала акредитқәа аҵыхәтәаны изауа ракәхеит заҵәылатәии еизакны аҭиразы ахәаахәҭраҟны аус зуа. Ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа рзы апроценттә зыҧҵәақәа рышәагаа шықәсык   18% еиҳаӡам.

Аҧсны акредиттә еиҿкаарақәа рыдәныҟаекномикатә усура акәзар, Аҧсны Аҳәынҭқарра инарҭбааны азхаҵара ахьамам иахҟьаны урҭ русура мҩаҧыргоит Урыстәылатәи Афедерациа абанкқәа рыҟны акорреспонденттә хыҧхьаӡаларҭақәа рыла. Убри инақәыршәаны авалиута аҧсахреи, анаҩс егьырҭ атәылақәа рхыҧхьаӡаларҭақәа рахь аиагара мҩаҧысуеит заа иҟаҵоу аҳәарала. Ари аусхк, бжьаратәла, абанктә мшык аҭахуп.

2018 ш. иаҵаҩуп амилаҭтә шәатәтәы системақәа «МИР», «АҦРА» раларҵәаразы Аиқәшаҳаҭра.   Ашәатәтәы инфраструктурақәа реидҵара – Аҧсны Аҳәынҭқарра абанктә системазы ихадароу ахырхарҭақәа ируакуп. Урҭ, ганкахьала Аҧсны аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациаҟны акарта «АҦРА» ахархәаразы алшара ҟанаҵоит, егьи аганахьала – Аҧсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа акарта «Мир» аусура алнаршоит. Асистемабжьаратә аларҵәара  акартақәа рхархәара агеографиа арҭбаара иацхраауеит, насгьы еиуеиҧшым амилаҭтә шәатәтәы системақәа акартақәа наҟ-ааҟ рыдкыларазы иаку ашәатәтәы наӡаӡа ара аҧҵара алнаршоит.

Аимадара

Аимадара АА аҟны иццакны иҿио аусхкқәа ируакуп. Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны аназханаҵа ашьҭахь, 2009 ш. аимадара аусхк аҟны аусеицуразы АА-еи УА-еи рыбжьара Амеморандум иаҵаҩын. Ари аҧҟарақәа инарықәыршәаны Аҧсны иаиуит абыжьбатәи адунеизегьтәи азона анумерациа аҭелтә код. Шьҭа ишьақәырҕәҕәоу аимадара аоператор изы иалкаауп агеографиатә код АВС — 840, абларҭатә еимадара аоператорцәа хархәара арҭоит DeF акод — 940.

2017 ш. алагамҭазы иҟан аимадаратә наплакқәа 63 урҭ реиҵаҟәшақәа налаҵаны. Ари аҟәша аалыҵ аҭираҟнытә азеиҧш хашәала абри ашықәс азы иартәеит  2 684,2 млн мааҭ.

Аҧсны  иҟоуп абарҭ аимадара хкқәа:

·1. Аҭелтә еимадара (араионтә центрқәа зегьы рыҟны хархәара амоуп)

- ацифратә телефониа

- аиҧш-зеиҧштә телефониа

2. Абларҭатә еимадара(ареспублика ахьынӡанаӡааӡо  ахархәара амоуп)

- АҞӘАФОН GSM

- A - MOБАИЛ

3) Зцәаҳәаҭбаау аинтернет (араионтә центрқәа зегьы рыҟны хархәара амоуп).

Адәныҟаекономикатә усура

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы арбагақәа рыла Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи ахәаахәҭра 2017 шықәсазтәи амҽхак иартәеит 21 млрд. 444,1 млн. мааҭ, ари 2016 ш. 3 млрд. 111,3 млн. рыла еиҵоуп (13% рыла икаҳаит). Убри аҩныҵҟа иҟоуп:

·         аекспорт – 3 млрд. 594,0 млн. мааҭ.,  2016 ш. – 5 468,0 млн. мааҭ.     (акаҳара аццакра – 34%);  

·         аимпорт – 17  млрд. 850,1 млн. мааҭ., 2016 ш.  -   19 млрд. 087,4 млн . мааҭ.  (акаҳара аццакра – 7 %).

Иааизакны, иҵоуроу адинамика атәыла аекономикаҿы имҩаҧысыз аиҭакрақәа ирыбзоуроуп. Иааиҧмрыҟьаӡакәа, ауааҧсыра рганахьала ашәаралшара иацлоит, уи инақәыршәаны ахархәатәқәа рымҽхак иазҳауеит, иаауа атуристцәа рхыҧхьаӡара иацлоит.

Аҧсны адәныҟатәи иапартниор дууны иҟоуп УА, уи атауареикәшара зегьы аҟны ахәҭаа 60 % ааннакылоит. Анаҩс ицоит Ҭырқәтәыла, Украина, Китаи, Бразилиа, Прибалтика атәылақәа уб.егь.

Аимпорт аҩныҵҟа еиҳа ирацәоуп: афатә аалыҵқәа, аргыларатә материалқәа, аминералтә аалыҵқәа, амыругақәа, абзазаратә техника уҳәа егьырҭ атауарқәа.   Аҧсны иалганы ирго аалыҵ еиҳарк инеиуеит УА-еи Ҭырқәтәылеи рџьармыкьақәа рыҟны аграаглыхратә аалыҵ, иааурыхуеи, еиҭаусзыдулахои ааглыхра. Уи иалукаартә ҟалоит атауар абарҭ акатегориақәа: аҩлыхқәа, аҧсыӡи аҧсыӡлыхқәеи, ацитрусқәа, араса, аминералқәа уҳәа уб.егь. 

  Аҧсны аҧсабаратә лшарақәа

Аҧсны аҧсабаратә лшарақәа рыла акыр ибеиоуо тәылоуп. Ареспубликаҟны иҟоуп ахаҳәтә рацәа    ( 5,3 млн.т.инареиҳ.), аторф, амармалташь, ашьхахаҳәакьыр, габбро-диабазқәа,амел, атуф, абарит, адоломит, атса, еиуеиҧшым аргыларатә материалқәа. Аҧсны ашыцә аҟны иҟоуп анефти агази рацәамкәа. Заа иазгәаҭоу арбагақәа рыла, иамоу анефт  300 инаркны 500 миллионов тонн рҟынӡа артәоит. Анефт аиҳарак ахьамоу амшын ҿықә ацәаҳәаҟнытә 10 км ахьыбжьоу аҭыҧқәа рыҟноуп. Иҟоуп иара убас ирацәамкәа агаз. 

Ақыҭанхамҩатә ҵакы змоу адгьыл ҭыҧ зеиҧшла - 421,6 тыс. га. артәоит

Аҧсны ӡыла аиқәыршәаразы адунеи аҿы актәи аҭыҧ анызкыло атәылақәа ируакуп: ҧшьыркца километрак аҟны аӡы аӡлеира шықәсык 1,7 млн. куб. м. инеиҳаны артәоит. 120 ӡиас рзеиҧш аура —  5 тыс. км.иреиҳауп. Еиҳарак дара арҩашқәоуп, ари агидрофымцамч маҷ арҿиаразы  лшара бзиоуп. 

Адгьылҵакыра 57 %  (497 тыс. га) бнала ихҟьоуп; игылоу абна зеиҧшла иугозар  иартәоит 114,5 млн куб. метр.

Аҧсны иамоуп арекреациатә лшара дуӡӡақәа. 200 инарзынаҧшуа пансионат, ҧсшьарҭа ҩны, гәабзиарачаҧарҭа, сасааирҭа, ахәыҷтәы гәабзаиарачаҧарҭатә база ыҟоуп аҳауатә зонақәа зегьы рыҟны — асубтропикатәқәа инадыркны акаҵәаратәқәа рҟынӡа. Иҟоуп 120 термалтәи минералтәи ӡқәа.

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org