Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЗАКӘАН

      АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИЗЫ 

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЗАКӘАН

(2010 ш. жәабран 3 № 2540-c-IV, 2010 ш. жәабран 3 № 2542-c-IV, 2011 ш. цәыббра 21 № 2997-с-IV, 2014 ш. ҧхынгәы 24 № 3543-с-V, 2014 ш. нанҳәа 20 № 3554-c-V аҟнытә аҧсахрақәеи ахарҭәаарақәеи алагаланы) 

Абри Азакәан Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шьаҭас иҟаҵаны ҿыц иалху Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иахагылашьеи Аҧсны Аҳәынҭқарра хыс иамоуи анагӡаратә мчхара ахадеи изинмчхарақәа раанкылашьеи рзы аҧҟара ҳәаақәнаҵоит, ишьақәнаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада исоциалтә хьчареи ихьӡ-иҧшеи, иаҳаҭыри реиқәырхареи рзы ахәдықәҵарақәа.

АХЫ . АЗЕИҦШ ҦҞАРАҚӘА


Ахәҭаҷ 1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имчхарақәа рзинтә шьаҭақәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра хыс иамоуи анагӡаратә мчхара ахадеи иаҳасабала изинмчхарақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи рыла иҳәаақәҵахоит.

Ахәҭаҷ 2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имоу Аконституциатә статус

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дырхылаҧшуеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩы изинқәеи ихақәиҭрақәеи, Аҧсны Аконституциа, Аҧсны Азакәанқәа, иаднакылаз жәларбжьаратәи ахыдҵақәа рынагӡашьа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изинмчхарақәа наигӡоит Аҧсны Аконституциеи, абри Азакәани, Аҧсны азакәанқәеи инарықәыршәаны.

Ахәҭаҷ 3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

Аҧсны Ахада иалхшьа ҳәаақәҵахоит Аҧсны Аконституциеи «Аҧсны Ахада иалхразы» Аконституциатә закәани инарықәыршәаны.

Ахәҭаҷ 4. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара аҵаҵҕәқәа

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара ҵаҵҕәқәас иамоуп Аҧсны Ацентртә алхратә комиссиа официалла ирыланаҳәаз «Аҧсны Ахада иалхразы» Аконституциатә закәан инақәыршәаны имҩаҧысуа Аҧсны Ахада иалхрақәа рзы абжьыҭира алҵшәақәеи, иара убас ҿыц иалху Аҧсны Ахада ииуа аҭоубеи. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада Аҧсны Аконституциа инаҭаз имчхарақәа рынагӡара далагоит ҭоуба аниу инаркны. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада ҭоуба аниуа амш ҧхынҷкәын 6 ауп. Еиҭа абжьыҭираан мамзаргьы еиҭа алхрақәа раан ҿыц иалху Аҧсны Ахада ҭоуба иуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа официалла Аҧсны Ахада иалхра алҵшәақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны аҩажәижәабатәи амш азы.

Ахәҭаҷ 5. Аҧсны Ахада изинмчхарақәа рынагӡара аанкылара

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада ажәлар рҿы ҭоуба аниу инаркны, уанӡатәи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчхара ахада изинмчхарақәа рынагӡара аанкылахоит. Аҧсны Ахада иалхрақәа мҩаҧымсӡеит, иҵабыргӡам ҳәа иазхаҵазар мамзаргьы азеиҧш алхрақәа раан ма еиҭа алхрақәа раан акандидатцәа аӡәгьы Аҧсны Ахадас далхымзар, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Ахадеи Аҧсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчхара ахадеи изинмчхарақәа рынагӡара иациҵоит ҿыц алхрақәа рымҩаҧгара ашьҭахь Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы дықәгылаанӡа.

Ахәҭаҷ 6. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽрылаирхәуам

Аҧсны Ахада Аҧсны Жәлар Реизара дадепутатӡам, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усбарҭақәа, анаплакратә еилазаарақәа ирыҵаркуа иарбанзаалак даҽа маҵурак идикылар ҟалом. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада изинмчхарақәа рынагӡараан аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽрылаирхәуам имаҵураҿы данықәгыла инаркны. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә хеидкыларақәеи иҽшрылаимырхәуазы арзаҳал дәықәҵахоит иақәнагоу ауаажәларратә хеидкылақәа мамзаргьы аполитикатә партиа алхратә усбарҭа ашҟа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа официалла Аҧсны Ахада иалхра алҵшәақәа анрыланаҳәа ашьҭахь.

2 АХЫ. АҦСНЫ АХАДА ИҬОУБА АУШЬА АҦҞАРА

Ахәҭаҷ 7. Аҧсны Ахада Иҭоуба

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵура данахагыло, Жәлар Реизараҿы Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩцәа адҧхьаланы ҭоуба иуеит: «Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыҧсҭазаара зегьы Сыҧсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи аҧеиҧш рыхьчаразы схыи шасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иҧшьоу абри ахықәкы сацәхьаҵны саныҟала». Ҿыц иалху Аҧсны Ахада азин имоуп имаҵура иахагылара ацеремониа ашҟа егьырҭ амаҵурауаа, Аҧсны ауаажәларратә усзуҩцәа, аҳәаанырцәынтәи асасцәа рааҧхьара. Аҧсны Ахада имаҵурахьы хаҿык деиҭаналхх, уи еиҭа ҭоуба иуеит. Абри инаркны иҧхьаӡахоит Аҧсны Ахада изинмчқәа рынагӡара аҩбатәи аҿҳәара. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара ацеремониа мҩаҧысуеит агәырҕьаратә ҭагылазаашьаҿы. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада ҭоуба иуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа атекст инапы ақәҵаны. Ҭоуба аниулак ашьҭахь инагӡахоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Агимн. Ҭоуба ауразы агәырҕьаратә церемониа аиҿкаара адҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара.

Ахәҭаҷ 8. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара аҭыҧ

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара мҩаҧысуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа, ҿыц иалху Ахада иалихуа аҭыҧ аҟны. Жәлар Реизара, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара, Аҧсны Ахадеи ҿыц иалху Аҧсны Ахадеи аҳәынҭқарратә хьчарала иеиқәзыршәо аусбарҭақәа ирыдуп ҿыц иалху Ахада имаҵураҿы иқәгыларазы агәырҕьаратә церемониала аиҿкаара.

Ахәҭаҷ 9. Ахада имаҵураҿы иқәгыларазы ацеремониа ахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҟнытә арбара

Ахада имаҵураҿы иқәгылареи ҭоуба ауреи рзы агәырҕьаратә церемониа ателехәаҧшра аканалқәа рыла ишиашоу ицо аефир аҿы иахьымҩаҧысуа аҭыҧ аҟнытә идырбахоит.

Ахәҭаҷ 10. Аҳәынҭқарра ахадеи Аҧсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчра ахадеи рымчхарақәа рынагӡара иадҳәалоу аҳәынҭқарратә мазара иҭара

Аҧсны Ахада иҵанакуа амаҵзурақәа ҿыц иалху Ахада имаҵураҿы иқәгылара ашьҭахь мчыбжьык аҩныҵҟа иара иахылаҧшрахьы ииаргоит Аҧсны Ахада ирезиденциа, имаҵзуратә уадақәа, итранспорттә хархәагақәа, аҳәынҭқарра ахадеи Аҧсны Аҳәынҭқарра анагӡаратә мчра ахадеи изинмчхарақәа рынагӡара иадҳәалоу егьи аҳәынҭқарратә мазара.
Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылараан имҩаҧысуеит ахада имчра атрибутқәа – Аҧсны Аҳәынҭқарратә герб асахьеи «Аҧсны Ахада» ҳәа аҩыреи зну амҳәыр, иара убас Аҧсны Ахада ибираҟи егьырҭ ахада имчра атрибутқәеи официалла иара иахь риагара.

3 АХЫ. ЗМАҴУРАҾЫ ИҚӘГЫЛАЗ АҦСНЫ АХАДА ИҾАҦХЬА АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АЗИНМЧХАРАҚӘА

Ахәҭаҷ 11. Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа рышьҭаҵашьеи рышьҭаҵара аҿҳәареи

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа шьҭанаҵоит змаҵураҿы иқәгылаз Аҧсны Ахада иҿаҧхьа. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара иацааиуа амш иахымгакәа, официалла Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара реилатәара мҩаҧигоит. Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы иеилацәажәаны ирыдкылахоит Аҧсны Аҧыза-министр инапы зҵаиҩуа Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа рышьҭаҵара иазку арзаҳал, уи Ҿыц иалху Аҧсны Ахада инапы иагьаркхоит.

Ахәҭаҷ 12. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа рышьҭаҵара идкылара

Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара арзаҳал шьаҭас иҟаҵаны идикылоит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа рышьҭаҵара.Змаҵураҿы иқәгылаз Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара азинмчхарақәа рышьҭаҵара мап ацәкра азин имаӡам. Змаҵураҿы иқәгылаз Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара рнапы ианиҵоит рхыдҵақәа рынагӡара иҿыцу Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара шьақәгылаанӡа. Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара хаҭалатәи аилазаара азҵаара ӡбахоит Аҧсны Ахада ила Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр иаҭара ашьҭахь. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр Ахада иҿы Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара хаҭалатәи аилазааразы ажәалагала цәыригоит.

4 АХЫ. ҾЫЦ ИАЛХУ АҦСНЫ АХАДА АЗИНМЧХАРАҚӘА ИҬАРА ИАДҲӘАЛОУ АМАТЕРИАЛТӘИ, АФИНАНСТӘИ, ЕГЬЫРҬ АЗҴААРАҚӘЕИ

Ахәҭаҷ 13. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа финансла реиқәыршәара

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада имаҵураҿы иқәгылара иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа финансла реиқәыршәара алыршахоит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаарала аҳәынҭқарратә биуџьет аҟнытә.

Ахәҭаҷ 14. Ҿыц иалху Аҧсны Ахада ишәарҭадара алыршара

Ҿыц иалху Аҧсны Ахада аҳәынҭқарра иахьчо обиект аҳасабала ишәарҭадара алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәеи амаҵзуратә хаҿқәеи рыхьчара амаҵзурала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацентртә алхратә комиссиа официалла Аҧсны Ахада иалхра алҵшәақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны.

5 АХЫ. АҦСНЫ АХАДА ИСОЦИАЛТӘ ХӘДЫҚӘҴАРЕИ, ИХЬӠ-ИҦШЕИ ИАҲАҬЫРИ РЫХЬЧАРЕИ

Ахәҭаҷ 15. Аҧсны Ахада лакьысра иқәымзаара

Аҧсны Ахада ихаҭара лакьысра ақәым. Аҧсны Ахада ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри азакәан иахьчоит. Аҧсны Ахада лакьысра иқәымзаара иаҵанакуеит иара убас иара инхарҭеи имаҵзуратә ҭыҧи, ихы иаирхәо атранспорти аимадаратә хархәагақәеи, иара икорреспонденциа, иара иитәу амазареи адокументқәеи.

Ахәҭаҷ 16. Аҧсны Ахада ишәарҭадара

Аҧсны Ахадеи иҭаацәареи ршәарҭадара алыршахоит Аҧсны Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәеи амаҵзуратә хаҿқәеи рыхьчара амаҵзурала.

Ахәҭаҷ 17. Аҧсны Ахада ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри қәнамгарала рызныҟәара аҽазышәаразы

Аҧсны Ахада ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри қәнамгарала рызныҟәара аҽазышәаразы закәанла ишышьақәыргылоу ала атәылауаҩра-зинтә, административтәи- шьауҕатәи ҭакҧхықәра адҵара ахылҵуеит.

Ахәҭаҷ 18. Аҧсны Ахада ҧарала иныҟәгара

Ахада иџьабааҧса ианашьахоит уи иазыҧҵәоу аамҭазы Аҧсны Аҳәынҭқарра аҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иду ахыдҵақәа, иара убас Аҧсны Ахада иҧшәма ҧҳәыс (лыҧшәма) лы(и)ҟазаара хымҧада иаҭахны иахьыҟоу аофициалтә визитқәа, адкыларақәа, аиҧыларақәа, егьырҭ аҧкаанҵатәи ацеремониатәи усмҩаҧгатәқәа раан Ахада ицныҟәаразы и(лы)ду ахыдҵақәа рынагӡара иадҳәалоу аныхтәқәа зегьы мҩаҧгахоит аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.

Ахәҭаҷ 19. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩцәеи имаҵзурауааи

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихала ишьақәиргылоит ицхырааҩцәеи имаҵзурауааи рхыҧхьаӡареи, рыштати урҭ рџьабааҧсеи аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала Аҧсны Ахада иныҟәгаразы иарбоу аҳәаа иҭагӡаны.

Ахәҭаҷ 20. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусура аамҭа, есышықәсатәи иҧсшьара, игәабзиарачаҧарҭа-курорттә ҽыхәышәтәреи амедициантә маҵзура ахархәареи реиҿкаара

Аҧсны Ахада иусура аамҭа иара ишьақәиргылоит. Аҧсны Ахада иҭахоит зыхәҧса ахшәаау есышықәсатәи иҧсшьара, ҩынҩажәи хәба усуратә мшы аҿҳәара змоу аҧсшьарҭа ҭыҧ ахь анеиреи уантәи ахынҳәреи аламҵакәа. Аҧсны Ахадеи иҭаацәеи игәабзиарачаҧарҭа-курорттә ҽыхәышәтәреи амедициантә маҵзура ахархәареи алыршахоит аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала.

Ахәҭаҷ 21. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иџьашықәс

Аҧсны Ахада ихыдҵақәа рынагӡара аамҭа иахыҧхьаӡалахоит изеиҧштәу, иеиҧҟьам иџьашықәс (имаҵзура); изанааҭ ала иџьашықәс (имаҵзура); имаҵзуратә уалафахәҧҵә´а апроценттә хыхььцҵақәа рышьақәыргыларазы, апроценттә хыхььцҵақәа рышьақәыргылареи анаплакқәеи, аусбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи шықәсык аҩныҵҟала русура аихшьалақәа рыла зныктәи аџьаҧса аиуразы азин изҭо иџьашықәс (имаҵзура); зинҷыдала атәанчареи зинҷыдала уи ашәагааи рзы азин изҭо иџьашықәс, Аҧсны Ахада иалхраан изанааҭ ала аус иуазҭгьы мамзаргьы иақәнагақәоу азинҷыдақәа азгәазҭо аҭыҧқәы рыҟны аус иуазҭгьы (амаҵзура дахысуазҭгьы).

Ахәҭаҷ 22. Аҧсны Ахада уанӡатәи иусура аиқәырхара

Аҧсны Ахада иамхра, изинмчхарақәа рыҿҳәара анҵәара, игәамбзиаразы акыраамҭа иахьилымшо иахҟьаны Аҧсны Ахада изинмчхарақәа рынагӡара анаанкылаха, уанӡатәи иусура (имаҵура) идгалахоит, уи аныҟамла – ҵакыла уи иаҟароу да усурак (маҵурак) иара убра ма иара дақәшаҳаҭны даҽа наплакык, усбарҭак, еиҿкаарак аҟны. Уаанӡа Ахада ма иҧшәма ҧҳәыс иааныркылоз амаҵзурахьы аамҭала ирыдыркылаз аусзуҩы Аҧсны Ахада имаҵураҟны дыҟанаҵы аџьатә еиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩуеит. Аҧсны Ахада имаҵура анагӡара аамҭазы зусураҟнытә зхы иақәиҭыртәыз Ахада иҧшәма ҧҳәыс (лыҧшәма) л(и)ганахьала аус ауеит иарбоу Азакәан иарбоу ахәҭаҷи ахәҭаҷ 21.

Ахәҭаҷ 23. Аҧсны Ахада нхарҭа ҭыҧла иеиқәыршәара

Аҧсны Ахада, нхарҭа ҭыҧла иеиқәыршәам мамзаргьы зынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра аҭаху, иара иалихуа ала ихатәны идгалахоит ауада ма аҩны Аҧсны Аҳәынҭқарра анхарҭатә закәанҧҵараҟны иазгәаҭоу аҧҟарақәа рыла, мамзаргьы анхарҭа ҩны аргыларазы ма уи аиуразы аҧаратә хархәагақәа изоужьхоит, убри аан ишьақәыргылоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны нхарҭа ҭыҧқәас идгалахо рыхәҧса иаҟароу аҧаратә хархәагақәа изоужьхоит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟнытә хәыд-ҧсада, уи иеиҳахо аицҵалыҵ иҭахоит ҿҳәарадулеи апроцентдатә рҧасхи ала. Аҧсны Ахада иацҵаны анхарҭа ҭыҧ ҩажәа ҧшьыркца метр иреиҵамкәа мамзаргьы хазы ауада амазааразы азин имоуп.
Аҧсны Ахада иҭахызар идгалахоит 0,25 гектар рҟынӡа адгьылтә ҭыҧ анхарҭа ҩны аргыларазы, иара убас 0,15 гектар рҟынӡа адгьыл ҭыҧ Аҧсны араионқәа рыҟны иахьакәзаалак ихатә харџьала адача аргыларазы.

Ахәҭаҷ 24. Аҧсны Ахада иҧсҭазаареи игәабзиареи хымҧадатәи аҧгаҧсазура

Аҧсны Ахада иҧсҭазаареи игәабзиареи хамҧада аҳәынҭқарратә ҧгаҧсара иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала Аҧсны Ахада имаҵзуратә уалафахәҧҵә´ақәа ҩышә ираҟараны. Аҳәынҭқарратә ҧгаҧсара аусбарҭақәа аҧгаҧса еицҵалыҵқәа ршәоит:

1. Аҧсны Ахада дҭахар (иҧсҭазаара далҵыр) (аус аниуа аамҭазы мамзаргьы имаҵура ааныжьра ашьҭахь) — уи ишьҭрамдаҩцәа рзы аҧгаҧсатә еицҵалыҵ иаҟараны;

2. Аҧсны Ахада изеиҧш занааҭтә усуралшара ацәыӡра зыхҟьаз игәабзиара ааха ма даҽа ҧхасҭак аҭазар, – аҧгаҧсатә еиҵалыҵ аҟнытә ҧшьыҩнҩажәа процент;

3. Аҧсны Ахада изеиҧш занааҭтә усуралшара ацәыӡра зыхҟьаз ицәеижь ҧхасҭак ма игәабзиара даҽа ҧхасҭак аҭазар, – аҧгаҧсатә еицҵалыҵ аҟнытә хынҩажәа процент.

Ахәҭаҷ 25. Аҧсны Ахада аҧхасҭа иоууа ахарҭәаара

Аҧсны Ахада изеиҧш занааҭтә усуралшара ацәыӡра зыхҟьаз игәабзиара ааха ма даҽа ҧхасҭак аҭазар, уи ацынхәра есымза изшәахоит Аҧсны Ахада ҧарала иныҟәгареи изарбоу атәанчахәи ирыбжьоу азгәаҭаны, аҳәынҭқарратә ҧгаҧсарала иоуз ашәамҭақәа реицҵалыҵ арбамкәа.

Ахәҭаҷ 26. Аҧсны Ахада иныҟәгаҩтәцәи иҭаацәареи аҧхасҭа ироууа ахарҭәаарақәа

Аҧсны Ахада дҭахар (иҧсҭазаара далҵыр), имаҵура ааныжьра убрахь иналаҵаны, – иара иныҟәгатәны имоу аусуралшара змам иҭаацәара иалахәу есымза ирызшәахоит Аҧсны Ахада ҧарала иныҟәгара ахәҭа аҟнытә дара рыхәҭаа иазкызи аныҟәгаҩ ицәыӡра иахҟьаны изарбоу атәанчахәи ирыбжьоу азгәаҭаны, аҳәынҭқарратә ҧгаҧсарала иоуз ашәамҭақәа реицҵалыҵ арбамкәа.

Ахәҭаҷ 27. Ҧасатәи Аҧсны Ахада исоциалтә хәдықәҵареи ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри реиқәырхареи

Аҧсны Ахада изинмчхарақәа ирзыҧҵәоу аҿҳәара анынҵәа ашьҭахь ма аҿҳәарааинӡа иамхра инадҳәаланы имаҵура ааныжьраан Аҧсны Ахада иҧсы ҭанаҵы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳәа шихьӡу инхоит «ҧасатәи» ҳәа ацҵаны. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада иҧсы ҭанаҵы Аҧсны жәлар Реизара – Апарламент ҳаҭыр зқәу депутатны, аус зуа Аҧсны Ахада ҳаҭыр зқәу иабжьагаҩны дыҟоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада азин имоуп:

1. ихатә шәарҭадареи иҭаацәара ршәарҭадареи ралыршаразы;

2. амаҵзуратә транспорт ахархәаразы;

3. Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рыҟны игәабзиарачаҧарҭа-курорттә ҽыхәышәтәреи имедициантә маҵзуреи алыршахоит аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала;

4. анхамҩа-коммуналтә маҵзурақәа рхархәаразы ишьақәыргылоу атарифқәа рыҟнытә 50% азинҷыдазы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада изы иарбоу азинқәа дырхылаҧшуеит аус зуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Ҧасатәи Аҧсны Ахада ишьҭахь инхаз иҧшәма ҧҳәыс абри ахәҭаҷ ахәҭа 3 апунктқәа 1-4 рыҟны илзазгәаҭоу азинҷыдақәа рхархәашьа, иара убас азинҷыдақәа рхархәаразы аҧкрақәа шьақәыргылахоит Аҧсны Ахада Иусҧҟала.

Ахәҭаҷ 28. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада аҭакҧхықәра идҵашьа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада ашьауҕатә ус идҵара, иҭакра, иаанкылара мамзаргьы административтә ҭакҧхықәра идҵара алшаӡом Жәлар Реизареи Апрокурор хадеи ақәшаҳаҭымкәа. Аанкыларазы ауснагӡатәқәеи егьырҭ ашьауҕатә-процессуалтә уснагӡатәқәеи ҧасатәи Ахада иганахьала рхархәара алшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара ақәҵарала мацара. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада изинмчхарақәа рынагӡараан имҩаҧигаз аусқәа рзы ашьауҕатә ҭакҧхықәра идҵара мҩаҧгахоит аус зуа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы ишазгәаҭоу еиҧш.

Ахәҭаҷ 29. Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада иҧсы ҭанаҵы иныҟәгара


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура ааныжьраан иоууеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада шықәсыктәи ҧарала иныҟәгара ашәагаа иаҟароу зныктәи ацхыраагӡа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ҧасатәи Ахада иҧсы ҭанаҵы иныҟәгаразы изазгәаҭахоит:

1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада мызктәи иныҟәгара аҟнытә хынҩажәа процент ––уи иҿҳәарааиаанӡа имаҵура ааныжьзар;

2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада мызктәи иныҟәгара аҟнытә ҧшьынҩажәа процент –– уи изинмчхарақәа рыҿҳәара нҵәазар;

3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҿы ҩ- ҿҳәарак иреиҵамкәа дыҟазар — шә-процентк.

Ахәҭаҷ 30. Аҧсны Ахада ҧасатәи ихаҭыҧуаҩы исоциалтә хәдықәҵарақәа

Аҧсны Ахада ҧасатәи ихаҭыҧуаҩы имаҵура ааныжьраан идгалахоит уанӡатәи иусура (имаҵзура), уи аныҟамла – ҵакыла иаҟароу даҽы усурак (маҵзурак) иара убра ма иара дақәшаҳаҭны даҽа наплакык, усбарҭак, еиҿкаарак аҟны. Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы имаҵура ааныжьраан Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы мызктәи ҧарала иныҟәгара иаҟароу ацхыраагӡа иоууеит аусурҭа ҭыҧ ҿыц аҿы аусура далагаанӡа шықәсык аҩныҵҟа.

Аҧсны Ахада ҧасатәи ихаҭыҧуаҩы азин имоуп:

1. Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны агәабзиарачаҧарҭа-курорттә ҽыхәышәтәреи амедицинатә маҵзуреи рзы;

2. анхамҩа-коммуналтә маҵзурақәа рхархәаразы ишьақәыргылоу атарифқәа рыҟнытә 50% азинҷыдазы

6 АХЫ. АХЫРКӘШАРАТӘ ҦҞАРАҚӘА


Ахәҭаҷ 31. Аҧсны Ахадеи уи иҭаацәареи рсоциалтә хәдықәҵарақәа рымхра

Иарбоу Азакәан ала иазгәаҭоу Аҧсны Ахада исоциалтә хәдықәҵарақәеи ихьӡ-иҧшеи иаҳаҭыри рыхьчаразы егьырҭ ахәдықәҵарақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциала иазгәаҭоу аҧҟареи аҵаҵҕәқәеи рыла змаҵура иаҟәыгоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи уи иҭаацәареи ирыҵанакӡом.
.

Ахәҭаҷ 32. Аҧсны Ахада иусура алыршара

Аҧсны Ахада иусура алнаршоит Аҧсны Ахада Иусбарҭа

Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҿкаашьеи аусушьеи ҳәаақәҵахоит Аҧсны Ахада иусҧҟақәеи идҵақәеи рыла.

Ахәҭаҷ 33. Аҧсны Ахада имҳәыри ибираҟи

Аҧсны Ахада имоуп «Аҧсны Ахада» ҳәа аҩыра зну ихыгьежьаау агербтә мҳәыри Аҧсны Ахада ибираҟи. .

Ахәҭаҷ 34. Аҧсны Ахада иҟазаара аҭыҧ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Ахада иофициалтә тәарҭа ахьыҟоу, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа дыҟоуп. .
Ахаан, ҭагылазаашьас иҟалалакгьы Аҧсны Ахада итәарҭеи ахада иҳәынҭқарратә дачеи хықәкыла изызкым ала мамзаргьы априватизациа азура, ма иарбанформазаалак ала аҟәгара ҟалом.

Ирыдкылоуп Аҧсны Жәлар Реизараала
Хәажәкыра 4, 1999 ш.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

В. Арӡынба
Аҟәа ақ.
Хәажәкыра 12, 1999 ш.
№ 487-с-XIII

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org