Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Абиографиа

Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа 

Диит 1963 шықәса мшаԥымза 6 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арҵаҩцәа рҭаацәараҟны.

1980 шықәсазы Тамшьтәи абжьаратәи ашкол далгеит, дҭалеит Фрунзенсктәи аполитехникатә институт «анџьныр-аргылаҩ» изанааҭ.

1982 шықәсазы диасит, 1985 шықәсазы дагьалгеит Москватәи автомобил-мҩатә институт.

1985 ш. инаркны 1986 шықәсанӡа аихшарала аус иуан Смоленсктәи аобласт Угрансктәи абнааглыхранхамҩа Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭаҟны.

1987 ш. инаркны 1989 шықәсанӡа аус иуан акомҿар Очамчыратәи араиоком аинструкторс, аҟәша аиҳабыс.

1991 шықәсазы СССР АШӘК Иреиҳаӡоу акурсқәа дрылгеит.

 1991 ш. инаркны 1986 шықәсанӡа арратә маҵзура дахысуан Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет аҟны.

1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа ақалақь аҟны  Аԥсны Аҳәынҭшәарҭадара аусбарҭақәа рыҟны аус иуан.

1999 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Аҳәынҭшәарҭадаратә Маҵзураҟнытә ԥхьатәара дышьҭуп.

1999 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыҟны иҟоу Жәлар рынхамҩа академиа.

 1999 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны 2008 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа Урыстәылатәи Афедерациаҟны анаплакратә усура инапы алакын.

2009 шықәса ажьырныҳәамзазы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс даҭоуп.

2010 шықәса жәабранмзазы Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада С.У. Багаԥшь Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩыс даҭоуп.

2014 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқара Ахада А.З. Анқәаб Иусԥҟала «аинрал-амаиор» ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

2014 шықәса рашәарамзазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада В.В. Путин Иусԥҟала Шәача ақ. аҟны аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа разыҟаҵареи рымҩаԥгареи раан ашәарҭадара алыршаразы ианашьоуп Аиҩызара аорден.

2014 шықәса нанҳәамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидатс дыҟан изаамҭанытәим алхрақәа рыҟны, алхыҩцәа рбыжьқәа рыҟнытә 35% иоуит.  

2015 шықәса мшаԥымза инаркны - Асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа р-Фонд "АԤРА" ахадас дыҟоуп.

2015 шықәса ԥхынгәымза инаркны - Аԥсны Аҳәынҭқарра аоппозициатә мчқәа Реилазаара ацхантәаҩыс дыҟоуп.

2017 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааԥхьара адепутатс далхуп (2017-2022).

2020 шықәса хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далхуп, 56,5 % иоуит.

2020 шықәса мшаԥымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура дахагылеит. 

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара имоуп.

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org