Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш инамаданы Атәылахьчара аминистрра аныҳәатә еизараҟны иқәгылара

11.10.2018
Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш инамаданы Атәылахьчара аминистрра аныҳәатә еизараҟны иқәгылара

Жьҭаарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Арбџьар Мчқәа Рымш инамаданы Атәылахьчара аминистрра аныҳәатә еизараҟны адныҳәалара ҟаиҵеит.

***
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!Ҳаҭыр зқәу ҳкомандирцәа, ҳаруаа!
Аҧсны Арбџьар Мчқәа – ыҟан иагьаанхоит ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара  иашьагәыҭны. Ҳарҭ гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит иахьа ҳар ишрылшо иарбанзаалакь адәныҟатәи ашәарҭарақәа  рҿагылара.
Ҳар  иаздырҳауеит  рымчхара, рыпрофессионалтә ҧышәа, рҟазара.  Аҧсны Арбџьар мчқәа  ркадртә еилазаара хаҭәаауеит  Урыстәылатәи Афедерациа арратә ҵараиурҭақәа рҿы иазыҟарҵо аспециалистцәа  ҿарацәа рыла.
Ҳара Ҳар ӡрыжәхеит Ҳаҧсадгьыл ақырҭуа агрессорцәа  рҟынтә ахақәиҭтәразы   имҩаҧысуаз аидыслара хьанҭақәа раан, 1992-1993 шш. рзы.
Иахьа Аҧсны Арбџьар Мчқәа  рҿы  аррамаҵзура иахысуа  аибашьцәа ҿарацәа  гәадурала иҭырҵаауеит, иагьаҿыҧшуеит  Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Афырхацәа аӡәырҩы  рҧышәа, ргәымшәара. 
Ҳара Ҳари Атәылахьчара Аминистрреи  раҧҵара ахыҵхырҭаҿы  дгылан  иналукааша ҳҧыза, ихьыҧшым Аҧсуа Ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба. 
Ҳара ҳҳәынҭқарра ҧхьаҟатәи амчхара  арҕәҕәара алзыршо ҭагылазаашьаны иҟоуп ҩызара ҳзызуа аҳәынҭқарра Урыстәылеи Аҧсни рырратә-техникатә усеицзура. Уи шьақәырҕәҕәоуп  астратегиатә ҵакы змоу аиқәшаҳаҭрақәа рыла.
Гәык-ҧсыкала ирыдысныҳәалоит ҳажәлари Аҧсны ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәеи иналукааша ари амшныҳәа – Аҧсны Арбџьара Мчқәа раҧҵара Амш!

Аныҳәатә еизараҟны Ахада 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааираҟны алагаламҭазы «Аиааиразы» амедалқәа ранеишьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭтәразы аибашьратә хҭысқәа ирылахәыз аррамҵзурауааи аибашьцәеи, иара убас атыл аҟны зусурала аиааира агара алзыршаз ахаҿқәа:

1. Агәмаа Валериан Гьаргь-иҧа

2. Анқәаб Слава Дикран-иҧа

3. Бли Муҳамед Шакир-иҧа

4. Гамсониа Илиа Шалва-иҧа

5. Џьынџьал Нодар Ирод-иҧа

6. Џьопуа Бесла Шақәа-иҧа

7. Џьоџьуа Роланд Владимир-иҧа

8. Занҭариа Наҭбеи Еснаҭ-иҧа

9. Ҧлиа Нодари Иван-иҧа

10. Ҷедиа Руслан Уасил-иҧа

11. Шларба Севириан Нури-иҧа

 

Аныҳәатә еизараҟны Ахада иара убас Афырхаҵаразы аорден ранеишьеит:

1. Гәынба Инал Гәырам-иҧа

2. Кәарҷиа Асҭамыр Нодари-иҧа

3 Папоев Едуард Ҭемраз-иҧа.

 

 



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org