Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Дамассктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы дықәгылеит

07.09.2018
Ахада Дамассктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы дықәгылеит
Цәыббрамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Дамассктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аартраҿы дықәгылеит.

***
Акыр иаҧсоу аҩызцәа!

Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала салам шәысҭоит иеицырдыруа Дамассктәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа иалахәу зегьы, асасцәа!

Сынтәа Шьамтәылатәи Арабтә Республика официалла ҳҳәынҭқарра азхаҵаны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьанаҵеит. Убри аҟнытә ҳара ҳзы гәахәароуп, ҳаҭыр дууп ара, ҩызара ҳзызуа шьамтәылатәи ажәлар рыдгьыл аҿы, ҳаиҩызаратә ҳәынҭқарраҿы ҳаҟазаара.

Дамассктәи жәларбжьаратәи ааглыхратә џьармыкьа ааигәа-мрагыларатәи арегион аҿы ижәытәӡоу џьармыкьа дууп.
Аибашьра еиҧнарҟьаз абри ацәыргақәҵа аиҭеира, Шьамтәыла ашәарҭадара ашьақәгылара ишалагаз, ааглыхра аиҭеира ишаҿу, ауаа рыҩнқәа рахь ишыгьежьуа шаҳаҭра азнауеит.

Адунеи иеиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә шәкы, зқьы делегациа ара рыҟазаара – хыхь исҳәаз шьақәнарҕәҕәоит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ҩышықәсоуп Дамассктәи жәларбжьаратәи аџьармыкьа иалахәижьҭеи Ахәаахәҭра - аглыхратә палата ахаҭарнакцәа рыла. Сынтәа Аҧсны аекономика алшарақәа цәыраҳгоит, ишәыдаҳгалоит аинвестициақәа рзы иеиуеиҧшым аидеиақәа, ҳәарада, шьамтәылатәии егьырҭ аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи ҳареи аимадарақәа рыбжьаҵара азгәаҭаны иҳамоуп.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, зегьы ааҧхьара шәысҭоит ҳпавилион ахь. 

Шьамтәылатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа ақәҿиарақәа аманы имҩаҧысааит! Шьамтәыла ажәлар ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара!
Иҭабуп!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org