Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аилацәажәара мҩаҧигеит амармалташьтә пты алаҵәара аҿагылара азҵаарақәа ирызкны

06.04.2018

Мшаҧымза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаҧигеит амармалташьтә пты алаҵәара аҿагылара азҵаарақәа ирызкны.

Аҳәынҭқарра Ахада аилацәажәара иалахәыз рнапы ианиҵеит аҧхасҭа ҟазҵо ахәаҷа аҿагыларазы аусура арҕәҕәаразы.

Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Ахада иеиҳәеит ахәаҷа аизгара шымҩаҧысуа атәы.

Ахада аилацәажәара иалахәыз ирыдиҵеит ашҳамхимикатқәа рхархәареи амармалташьтә пты даҽакала аҿагылареи рызҵаарақәа ирызкны еиҳа еиҿкаарыла аинформациатә усура амҩаҧгара, насгьы имҩаҧгоу аусура иазкны есымчыбжьатәи аҳасабырба ацҵара.

Аилацәажәара иалахәын Аҧыза-министр Беслан Барцыц, Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба, Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба, ААР Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар, Ақыҭанхамҩа аминистрра Аҵиаақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Владимир Гериа, Аҵиаа акарантин рзуразы аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьал.

2 (1).jpg


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org