Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Владимир Путин дидышшылеит Москва амҵан иҭахаз апассаџьыртә ҳаирплан инамадны

12.02.2018

Жәабранмза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин дидышшылеит апассаџьыртә ҳаирплан Ан-148 акаҳара иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы.

Ацҳамҭаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны жәлари Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала гәалсрыла сшәыдышшылоит, иара убас срыдышшылоит апассаџьыртә ҳаирплан Ан-148 акаҳара иахҟьаны иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.

Аҧсны лахьеиқәҵара дула ирыдыркылеит иҟалаз арыцҳара иахҟьаны ауаа рҭахара.

Абри аамҭа уадаҩ аан гәыла-ҧсыла ҳшәыдгылоуп, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи рхьаа рыцеиҩаҳшоит».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org