Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа

17.10.2017

Жьҭаарамза 17 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа.

Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Азанааҭдырра ҳаракы азы, Аҧсны Аҳәынҭқарра азинхьчаратә система аҿиараҟны рылшамҭақәа рзы, зыквалификациа ҳараку акадрқәа разыҟаҵараҟны рлагаламҭа ду азы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз азиндырҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит:

БАРЦЫЦ Заур Семион-иҧа – Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент;

СМЫР Сергеи Макар-иҧа – азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org