Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ицхырааҩ Владислав Сурков иҟнытә Ахьыҧшымра азхаҵара амш адныҳәалара

26.08.2016

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ицхырааҩ Владислав Сурков Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идиныҳәалеит Ахьыҧшымра азхаҵара амш.

Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа!

Гәык-ҧсыкала Шәаргьы аҧсуа жәлар зегьы ирыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аашықәса ахыҵра амш!

Ииасыз ашықәсқәа рыҩныҵҟала Ареспублика аҳәынҭқарратә ргылараҟны аихьӡара дуқәа, адемократиатә еиҿкаарақәа рырҕәҕәареи зымҽхак ҭбаау асоциалтә-економикатә уснагӡатәқәа рыӡбареи алнаршеит.

Урыстәылатәи Афедерациа аҧхьаҟагьы адгылара ҟанаҵалоит, ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьалаз аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхраалоит.

Шәаргьы, Аҧсны атәылауаа зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org