Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҟәатәи ацхыраагӡатә школи ахәыҷтәы театртә студиа “Арлекинои” иеиҿыркааз Ашықәсҿыцазтәи аусмҩаҧгатә аҭаара

27.12.2015

Ахада Рауль Ҳаџьымба даҭааит Аҟәатәи ацхыраагӡатә школи ахәыҷтәы театртә студиа “Арлекинои” иеиҿыркааз Ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә усмҩаҧгатә.

Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит артистцәа қәыҧшцәа иазыҟарҵаз аныҳәатә қәгылара ссир азы иагьрыдиныҳәалеит ҳазҭало Ашықәс ҿыц.

Рауль Ҳаџьымба ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәеи аҟазара ашкол «Абырфын» ахәыҷтәы кәашаратә коллективи ирызнеигеит ашықәсҿыцазтәи аҳамҭа.

Аусмҩаҧгатә даҭааит иара убас Аҧыза-министр Артур Амқәаб.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org