Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аилацәажәара мҩаҧысит

14.12.2015

Аҟәа, 10.30

Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны ҳазҭагылоу аамҭазы аусбарҭа аусура иазкыз аилацәажәара.

Аилацәажәара алагамҭазы ААР аштаб аиҳабы, амилициа аполковник Валентин Ҭраҧшь аилацәажәара иалахәыз рҟынӡа инеигеит аҳасабырбатә аамҭа инақәыршәаны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусура арбагақәа ртәы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьба аҳәынҭқарра Ахада иаҳартә иҟеиҵеит иҳаҩсыз аҧсшьарамшқәа раан драндатәи абахҭаҟны иҟаз аилаҩынтрақәеи уи инамаданы имҩаҧгаз аусхкқәеи, ҷыдала, абахҭаҟнытә ибналаз абаандаҩы иаанкылареи ртәы.

Аминистр иазгәеиҭеит Гәылрыҧшь араион аусбарҭа ахада, Атәылахьчара аминистр, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа азинхьчаратә усбарҭақәа ирыҭаз ацхыраараҟны рҵакы ду атәы.

Убри аан Леонид Ӡаҧшьба иаҵшьны иҳәеит мчқәак абахҭаҟны иҟаз ахынҭаҩынҭарақәа аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы рхы иадырхәарц шырҭахыз атәы.

Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа реиҳәеит абахҭаҟнытә ибналаз ацәгьауаҩы иаанкылара иалахәыз зегьы: АМА, АШӘМ, апрокуратура, Гәылрыҧшь араион аусбарҭа аусзуҩцәа. Уи иазгәеиҭеит аоперациа оперативла, азакәан инақәыршәаны ишымҩаҧгаз.

Ахада иҳәеит рыцҳараны ишыҟалаз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр абахҭаҟны имҩаҧысыз ахҭыс аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы рхы иадырхәарц шырҭахыз атәы. «Уи дара рыламыс иамазааит», - иҳәеит Ахада.

Ихадараны иҟоу, ари аҩыза даҽазны иҟамлароуп иҳәеит Рауль Ҳаџьымба: «Абахҭа иҭакны изҳамои, нас ауаа, аусҭҵаарақәа мҩаҧго, асанкциақәа рзазгәаҭаны? Аусҭҵаара шҧамҩаҧуго, изқәыӡбоу адәахьы иҟои дареи злеимадоу, иара азинхьаратә усбарҭақәа русура иазку аинформациагьы злароууа атехника рымазар?»

Ахада иҳәеит азакәан, азинхьаратә усбарҭақәа русура хырҩа амҭара ҟалашьа шамам. «Асуқәа рҭыҧ иқәҵатәуп шьҭа. Ас уаҳа иҟамлароуп, ари ҳдыруазароуп зегьы», - абас иҳәеит инаҵшьны иара.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭиет «Дранда» абахҭаҟны аҭагылазаашьа аиҕьтәразы иҟаҵатәу шырацәоу, уи иахьатәи астандартқәа ирықәымшәо иҟоуижьҭеи акыршааҵуа. Ахада адҵа ҟаиҵеит изқәыӡбоу ауаа ахьҭакхо ахыбра ҿыц аргыларазы аҭыҧ азгәаҭаразы. «Иҳаҧшаауеит абахҭа аргыларазы иаҭаххо ахарџьқәа», - иаҵшьны дазааҭгылеит Ахада.

Ахада иазгәеиҭеит изқәыӡбоу ауаа иеиуеиҧшым аусурақәа рыҟны рхархәара алыршаразы, ауаажәларразы хәарҭара рымазарц азы аҭагылазаашьақәа шырзаҧҵатәу.

Аҩныҵҟатәи аусқәа русура атәы далацәажәо, Рауль Ҳаџьымба иҳәеит опреативтә-ҧшааратә усура ахаҭабзиара аиҕьтәра аҭахны ишыҟоу. Ауаажәларра азинхьаратә усбарҭақәа русура алҵшәа бзиақәа ишырзыҧшу, аус дуқәа рыҭҵаара аусгьы уахь иналаҵаны.

«Амилициа зегьрыла ауаажәларра рганахьала адгылареи аҳаҭырқәҵареи роуртә иҟарҵароуп», - иаҵшьны иҳәеит Ахада.

Аилацәажәара иара убас далахәын Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа.


Возврат к списку