Лыхнашҭа аныҳәаҿы ақәгылара

18.11.2015


Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада дықәгылеит ажәлар рҿаҧхьа Лыхнашҭа имҩаҧгаз «Абиҧарақәа реимадара» аныҳәаҿы.

*  *  *

"Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа абра Лыхнашҭа имҩаҧысуа ахҭыс даҽа зныкгьы ҳхьанарҧшуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц ашҟа. Ҳажәлар ахьыҧшымразы рықәҧара иазкыз аизара дуқәа ахьымҩаҧысуаз абри ашҭаҿы шьала иаагоу Аҧсны Абираҟ ашьҭыхра – ари ҳазегь ҳгәыҕреи ҳагәрагареи зырҕәҕәо, ҳамч-ҳалша иацызҵо усуп.

Аҧсны абираҟ ҧхьаҟа инаргон уадаҩрак аҿаҧхьа хьаҵра ззымдыруаз аибашьцәа, уи аҿаҧхьа ҭоуба руан Афырхацәа!

Иахьатәи ари аиниара аҵак ҷыда азҭоу акәны иахәаҧштәуп уи иахьалахәу еиуеиҧшым абиҧарақәа рхаҭарнакцәа: зҧышәа дуу аиҳабацәа, згәамч ҕәҕәоу аиҵбацәа, аҿар! Аизҳара, аҧеиҧш бзиа Анцәа иаиҭааит шәышықәсала иааиуа абри аимадара!

Иазҳалааит Ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла амч-алша! Иҟалааит аҭынчра, аизыразра! 

Рыхьӡ кашәара ақәымзааит ахақәиҭра ҳзаазгаз Аҧсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш, ишәзеиҕьасшьоит агәалаҟара бзиа, анасыҧ, аиааира ҿыцқәа!"

Рауль Ҳаџьымба

Возврат к списку