Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Ахада Леонид Тибилов идиныҳәалеит Алада Уаҧстәыла Жәларбжьаратәи азхаҵара Амш

26.08.2015

Адныҳәалартә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

"Аҧсны жәлари Аладатәи Уаҧстәыла ажәлари аамҭа иҧнашәаз аиашьаратә еизыҟазаашьақәа иеидырҳәалоит. Ҳара ақырҭуа агрессор ҳаииааит, аибашьрашьҭахьтәи ауадаҩрақәа, иааиҧмырҟьаӡакәа шықәсырацәала аҕа иганахьала иҟаз ашәарҭара, адәныҟатәи ақәыҕәҕәара ҳрыҵамхаӡеит, қәнагала иҳамаз ҳхықәкы агьынаӡеит - Урыстәыла Афедерациа аганахьала азхаҵара ҳауит.

2008 шықәса нанҳәа 26 Амш Аҧсни Алада Уаҧстәылеи ирықәынхо ауааҧсыра рзы лахьынҵаӡбага мшны иҟалеит. Жәларбжьаратә-зхаҵара зауз Алада Уаҧстәыла, зтәылауаа иҭышәынтәалоу, ишәарҭадам аҧеиҧш аиуразы алшарақәа рзаҧызҵо, иҿио, ҭынч нхара иазку, идемократиатәу ҳәынҭқаррак аҳасабала иҿырҧшыганы иҟалеит.

Агәра ганы сыҟоуп, уаанӡеиҧш, ҳажәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еимадарақәа рырҕәҕәаразы, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳтәылақәеи рыбжьара иеицҳзыфеидоу аусеицуреи, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақеи рышьақәырҕәҕәаразы наҟ-ааҟ иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо".

Рауль Ҳаџьымба 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org