Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Денис Чачхалиа Имшира Идныҳәалара



Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Денис Кьыршьал-иҧа Чачхалиа Имшира Идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиижьҭеи 65 шықәса аҵра амшныҳәа.

Аҧсни Урыстәылеи еицырдыруеит шәара шәлитературатәи, шәҭоурыхҭҵааратәи усура алыҵшәақәа. А.М. Горки ихьӡ зхыу Москватәи алитературатә институтаҿы шәҵара  хыркәшаны, қәҿиарала аус жәуан агазеҭ “Советская Абхазия» аредақциаҿы, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы, иара убас Москватәи алитературатә институтаҿы, аҧсуа поезиеи апрозеи рсеминар анапхгаҩыс.

Шәалоуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Шәҩымҭақәа рахәыц ҟаҧшьны иргәылсуеит Аҧсни уи аҭоурыхи ртема. Хаз шәҟәны иҭыҵхьеит шәлирикатә еизгақәа жәпакы. Шәара шәкалам-ҧынҵа иҵшәыжьхьеит А. Пушкин,Ф. Тиутчев, А. Блок, С. Есенин, А. Ахматова, Гиоте, Шиллер уҳәа раҧҵамҭақәа. Аҧсшәаҟынтә аурысшәахь ҟазарыла еиҭажәгахьеит Д. Гәлиа, И. Коҕониа, Б. Шьынқәба,Кь. Чачхалиа, А. Аџьынџьал, Т. Аџьба, Г. Аламиа, Р. Смыр ражәеинраалақәа.С. Ҷанба ихьӡ зхыу Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы иқәдыргылахьеит шәыдраматә рҿиамҭа “Али- Беи” иалхыу, Нелли Ешба режиссиорс дызмоу аспектакль.

Шәахьыҟазаалакь шәҽазышәшәоит аҧсуа традициақәа, ҳмилаҭтә доуҳатә культура аӡыргара. Шәыруаӡәкыуп москватәи аҧсуа диаспора рхеилак  ацхыраара азҭо, ҧхьаҟа изго ҳинтеллигенциа рхаҭарнакцәа нагақәа.

Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, аманшәалара, ҧхьаҟатәи арҿиаратә иааирақәа!»

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада                                      Р. Џь. Ҳаџьымба.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org