“Урыстәыла аганахьала – гәаартыла”.

10.08.2015

“Урыстәыла аганахьала – гәаартыла”

Рауль Ҳаџьымба агазеҭ “Аиаҵәа ҟаҧшь” иаиҭаз аинтервиу

2008 шықәсазы Урыстәыла аоперациа мҩаҧнагар акәхеит Қырҭтәыла мчыла аҭынчра азаагаразы. Урыстәыла ар қәҿиарала имҩаҧыргаз аоперациа ашьҭахь Алада Уаҧстәылеи Аҧсни рлахьынҵа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Ҳтәылеи уи ари амшын иаҿықәу ихьыҧшым аҳәынҭқарра алахьынҵаҟны рольс инанагӡои атәы далацәжәоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

Рауль Џьумка-иҧа ҲАЏЬЫМБА:

«Ҳара азеиҧш ҭоурых ҳамоуп. Ари аҭоурых ҳхаҳмыршҭыроуп, уи узыҵәаҕәаӡом. Убри аҟнытә иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абиҧара қәыҧшқәа рабацәа, рабдуцәа, урҭ рабацәеи, иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәылақәа рхақәиҭреи, рхьыҧшымреи, рҧеиҧш лашеи зхы ақәызҵаз рхадмыршҭырц азы, ҳаҭырла иргәаладыршәаларц азы». ________________________________________

Рауль Џьумка-иҧа

Урыстәылеи ҳареи инарҭбааны ҳусеицура иабзоураны ҳажәлар ршәарҭадара уақәгәыҕуа ишьақәыргылахеит. Аиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит асоциалтә инфраструтктура, ауаа рыҧсҭааара ахаҭабзиара аиҕьтәра иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара хацыркуп. Ҳтәылауаа социалла рыхьчаразы алшарақәа раҧҵара ҳалагеит. Ауалафахәқәеи атәанчахәқәеи маҷ-маҷ ашьҭыҵра иаҿуп. Акырӡа иазҳаит аҧареизакырҭахь иааиуа ашәахтәқәа рыҩаӡара.

Атуризм аҿиара – аҳәынҭқарра аусура ахырхарҭақәа раҧхьа игылоу, атәылауаа аус здыруло акы ауп. Атәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит атуристцәа, раҧхьаӡа иргыланы ршәарҭадара алыршаразы. Аҧсназы акрызҵазкуа абри ахырхарҭала атәыла аусура ахаҭабзиарала хыҧхьаӡара рацәала асасцәа радҧхьалара, убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьеттә лшарақәа рышьақәырҕәҕәара алнаршоит.

Убри аан, иаартны исҳәоит, ауадаҩрақәа макьана иҟоуп, ҳара еилаҳкаауеит, урҭ ҳара ҳада аӡәгьы ишизымыӡо – Урыстәылагьы акәым даҽа ҳәынҭқарракгьы акәым. Атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ҳажәлар ирыӡбароуп.

Аха иара убасгьы аҧсуа жәлар ахә ҳаракны иршьоит Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара. Акраҵанакуеит ари адгылара иҳарҭо ишақәнагоу ала ахархәара, аекономика иреиалтәу аҟәша алшарақәа рышьҭыхразы, аусурҭа ҭыҧқәа реизырҳаразы. Ишҧашьақәгыло Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьа атәылахьчара аганахьала?

2014 шықәса абҵара 24 рзы Шәача иаҵаҩын аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы аурыс-аҧсуа Еиқәшаҳаҭра, уи иазгәанаҭеит арратәи аекономикатәи зеиҧш политика. Ари адокумент ҳаизыҟазаашьақәа иҵегьы иеиҳау аҩаӡарахь иханагалеит. Ари азеиҧшшәарҭадара асистема арҿыцуеит, иеиҕьнатәуеит. Иахьа шәачатәи аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы аизыразрақәа аус рыдулара мҩаҧысуеит. Раҧхьа иргыланы, уи Аҧсни Урыстәылеи ААР-қәа рыбжьара аинформациатә-координациатә центр аҧҵара иадҳәалоу аҵаарақәа рыӡбароуп.

Иҟоуп акрызҵазкуа даҽа хырхарҭак – аҳәаахьчара инадҳәаланы аусеицура. Иаҵшьны исҳәоит: ари Аҧсназы даара зҵакы дуу ҟәшоуп. Абри далацәажәон Владимир Владимир- иҧа Путин аиҧылараҟны аиқәшаҳаҭра ҳаналацәажәоз. Ҳара арратә ҟәшаҟны ҳаизыҟазаашьақәа иахьакәӡам ашьақәгылара ианалагаз. Атәыла аамҭа хьанҭақәа ианырҭагылаз 1992–1993 шш. рышьҭахь иӡбан ҳадгьыл аҟны урыстәылаа рыла иаҧҵаз абжьаҟазаратә мчқәа рышьақәыргылара. Ари Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала аиқәырхара, анаҩс Урыстәыла аганахьала азхаҵара алнаршеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәылахьчаратә усбарҭақәа русеицура иацҵаны имҩаҧысуеит. Ари аганхьала ҳаизыҟазаашьақәа даҽа ҩаӡарак шьҭырхыр ҟалоит ҳәа ҳахәаҧшуеит. Уажәы арратә усеицураҟны алшара ҿыцқәа ахьазгәаҭахо атәылахьчаратә цәаҳәазы аиқәшаҳаҭра азырхиара ҳаҿуп. Акраҵанакуеит уи аҟны Урыстәыла ҳаррамаҵзуҩцәа зыҩаӡара ҳараку азыҟаҵара рыҭара иахьазхиоу. Аҧсны иахьаҵанакуа игылоу 7-тәи урыстәылатәи арратә база, урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аҳәынҭқарра аҳәааҟны аҧсуа-ақырҭуа хәҭа рыхьчоит. Шәџьынџьуаа аррамаҭәа зшәу урыстәылаа ишҧарзыҟоу?

Ҳаҭыр ду рықәырҵоит, иагьырџьыршьоит. Даҽакалагьы ҟалашьа зламои, 100-ҩык инарзынаҧшуа Урыстәылатәи Афедерациа абжьаҟазаратә мчқәа реилазаараҟнытә аррамаҵзуҩцәа аҧсуа жәлар рҭынчреи ршәарҭадареи рхы ақәырҵазар? Анаҩсгьы, Урыстәыла Аҧсны аназханаҵа ашьҭахьгьы ацәыӡқәа ыҟан. Ажьырныҳәа мзазы аҳәааҟны ақәылаҩцәа дырҿагыланы ақәҧараҿы дҳацәҭахеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Андреи Удальцов.

Арҭ ацәыӡқәа Урыстәыла мацара акәӡам изауз, арҭ ацәыӡқәа наҟ-ааҟгьы иаҳзеиҧшуп. Аҧсуа жәлар ирхашҭӡом иҧшьоу аус азы иҭахаз урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа. Ҳара ҳҭоурых еиларсуп. Уи хашҭра ақәӡам, уи узыҵәаҕәаӡом. Убри аҟнытә иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абиҧара қәыҧшқәа рабацәа, рабдуцәа, урҭ рабацәеи, иахьа ҳазҭагылоу аамҭазы наҟ-ааҟ ҳтәылақәа рхақәиҭреи, рхьыҧшымреи, рҧеиҧш лашеи зхы ақәызҵаз рхадмыршҭырц азы, ҳаҭырла иргәаладыршәаларц азы. Шәыхәҧахәаҧшуеи Шәара Урыстәылеи Аҧсни ҧхьаҟатәи реизыҟазаашьа?

Ҳара ҳзы акыр рыҵаркуеит арҭ аизыҟазаашьақәа, урҭ еиқәырхахоит, адунеи аҟны имариам апроцессқәа шымҩаҧысуагьы. Ҳара гәацҧыҳәарала аусура ҳаҿуп иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаҵаз аихаҳаразы. Аҧсуа жәлар ргәыла ду ҳаҭырқәҵарала изыҟоуп, ҳара иаҳҭаауа урыстәылаа, ҷыдала, аруааи аҳәаахьчаҩцәеи гәыблыла ирыдыркылоит. Агәра ганы сыҟоуп, наҟ-ааҟгьы аилибакаареи, аидгылареи ҳшазхиоу, уи иаанаго, иазҧхьагәаҳто зегьы анагӡара шҳалшо ала иҳамоу агәыҕра ҧсахрада ишаанхо ауп.

Автор: Олег Грозныи

Ахыҵхырҭа: агазеҭ "Аиаҵәа Ҟаҧшь"


Возврат к списку