Анхарҭа азҵаара иазкыз аусуратә еилацәажәара

26.06.2015

Аҟәа, 14.00

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еилацәажәара анхарҭа азҵаара иазкыз, лымкаала, иуашәшәыроу ркатегориа иаҵанакуа атәылауаа нхарҭала реиқәыршәара азҵааразы. Аилацәажәара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩы Витали Габниа, Апрокурор хада Алеқсеи Ломиа, Ахада Иусбарҭа, Апрокуратура хада, Аҟәа ақалақь Аусбарҭа анхарҭатә усбарҭа, ААР аекономикаҟны ацәгьаурақәа русзуҩцәа.

Ирылацәажәеит зхашәалахәы ҳаракым атәылауаа, альгота змоу атәылауаа, иара убас 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәеи аветеранцәеи, ахәыҷырацәа змоуи аҭацәара қәыҧшқәеи рзы икоммерциатәым анхарҭатә фонд аҧҵара иадҳәалоу апроблемақәа.

Ахада иазгәеиҭеит анхарҭа азҵаара ҕәҕәаны ишықәгылоу, уи аӡбаразы амҩақәа шыҧшаатәу. «Ари азҵаара акыршықәсқәа раахыс зҿлымҳара аҭамызт. Аҭагылазаашьа мариаӡам, иҟаҵатәу рацәоуп, аха шәара ихацшәыркыроуп альгота змоу атәылауаа рзы закәанла, қәнагала анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара. Иара убас иазҧхьагәаҳҭоит асоциалтә нхарҭа ҿыцқәа рыргалара, ҳалшарақәа ҳасаб рзуны” – иҳеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба ихаҭыҧуаҩы инапы ианиҵеит асоциалтә нхарҭа аихшаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы ажәалагалақәа разырхиара. Иазгәеиҭеит хатәгәаҧхарала ауадақәеи аҩнқәеи раанкылара ҟамлароуп ҳәа. Аҳәынҭқарра арҭ азҵаарақәа азакәан инақәыршәаны аӡбара иалагоит. «Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ҳзықәныҟәоз апринцип «иаанкылоуп», шьҭа аус ауӡом» - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Витали Габниа ирыдигалеит ҿыц иаҧҵахо аҳәынҭкомиссиа аусура ахырхарҭа хадақәаны иазгәарҭарц аҳәынҭқарратә баланс аҟны иҟоу анхарҭа ҭыҧқәа реиҭагәаҭара, анхарҭа ҭыҧ аиура иазыҧшу атәылауаа рсиа реиҭахәаҧшра, иара убас иуашәшәыроу атәылауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы даҽа знеишьақәак разырхиара.

Акомиссиа аҧҵаразы Аусҧҟа хара имгакәа иаҵаҩхоит.


Возврат к списку