Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспубликаҟны ивизит иацҵаны даҭааит аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга»

25.07.2015

Иахьа Рауль Ҳаџьымба даҭааит аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа радҧхьаларала зымҽхак ҭбаау апроектқәа рынагӡара ахьымҩаҧысуа аекономикатә ҭыҧ ҷыда «Алабуга».

ИАҬ «Алабуга» аҟны иаҧҵоуп аимадарақәа ркомплексқәа зегьы зҵазкуа аинфраструктура. Ари ааглыхратә ҟәшаҟны аус зуа аинвесторцәа рзы усурҭа ҭыҧ дууп.

«Алабугаҟны» аус руеит «Форд», «Хаиат»реиҧш иҟоу анаплакы дуқәа, иара убас 20 инарзынаҧшуа егьырҭ анаплакқәа.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, ҳара аинвестициатә усурҭақәа раҧҵара азҧхьагәаҭаны излаҳамоу ала, ари аҧышәа Аҧсназы зҿлымҳара зҭатәу акы шакәу. «Ҳәарада, иҟоуп Аҧсны инарҭбааны жәларбжьаратәи азхаҵара иадҳәалоу азинтә проблемақәакгьы, аха убри аан ари аҧышәаҟнытә еиҳа ҵакы змоу ахәҭақәа ҳхы иаҳархәар алшоит», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Анаҩс, Аҧсны аделегациа аҭааит Ҭаҭарсҭан Актәи Ахада Минтимер Шаимиев инапхгарала иеиҭашьақәыргылаз, атуристцәа адзыҧхьало акрызҵазкуа аҭыҧқәа ируакны иҟалаз аҭоурых-архитектуратә комплекс Свиажск ақалақь аҟны.

Ахада иазгәеиҭеит, Аҧсны аҭоурыхтә баҟақәа акыр ишырацәоу, аха урҭ збахьоу атуристцәа шмаҷу, еиҳаракгьы Мрагыларатәи Аҧсны аган аҟны, убри аҟнытә Свиажск ақалақь аиҭеира аҧышәа ҳтәылаҟны хархәара аҭазар шалшо.

Сабинсктәи амуниципалтә раион аҟны Ахадеи аделегациа алахәылаҩцәеи аҭааны ирбеит роботла иеиқәыршәоу арахәааӡаратә комплекс дуи Урыстәыла иҟоу 3 нызқь хы рҟынӡа ахьыҟоу аџьмааӡара аферма дуӡӡа.


Возврат к списку