Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Анхамҩатә проблемақәа рыӡбара иазку аилацәажәара

26.06.2015

Аҟәа, 14.00

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еилацәажәара анхамҩатә проблемақәа рыӡбара иазку, лымкаала ихьчам атәылауаа анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара азҵаара.

Аилацәажәара иалахәын ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Апрокурор хада Алеқсеи Аламиа, Ахада Иусбарҭа, Апрокуратура хада, Аҟәа ақалақь анхамҩатә усбарҭа, аекономикатә ацәгьоурақәа рҿагыларазы Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусбарҭа аусзуҩцәа.

Ирылацәажәан зхашәалахәу ҳаракым атәылауаа, альготақәа змоу атәылауаа, иара убас 1992-1993 ш.ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи, иҭахаз аветеранцәа рҭаацәеи, аветеранцәеи, ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәеи, иқәыҧшу аҭаацәарақәеи рзы икоммерциатәым анхамҩатә фонд ашьақәыргылара иацу апроблемақәа.

Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит анхамҩатә проблема ҕәҕәала ишықәгылоу, уи аӡбаразы мҩақәас иҟоугьы. «Даара акыр ҵуеит ари азҵаара иахәҭоу зҿлымҳара аҳамҭоижьҭеи. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, иҟаҵатәугьы рацәоуп, аха акраҵанакуеит уажәы альготақәа змоу атәылауаа закәанла, қәнагала анхарҭа ҭыҧқәа рыҭара апроцесс ахацыркра. Ҳара иара убас ҳаплан иалаҳҵоит, абиуџьет аҟны иагьаҳарбоит анхарҭа ҭыҧ ҿыцқәа рыргылара, ҳфинанстә лшарақәа ҳасаб рзуны», - иазгәеиҭеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба ахада ихаҭыҧуаҩ идиҵеит анхарҭа ҭыҧқәа реихшара иазку аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы ажәалагалақәа разырхиара. Уи иазгәеиҭеит хатәгәаҧхарала ауадақәа раанкылара шыҟамло атәы. Арҭ азҵаарақәа аҳәынҭқарра иаӡбалоит азакәан инақәыршәаны мацара. «Аибашьра ашьҭахь ҳзықәныҟәоз «иаанкылоуп» апринцип шьҭа аус ауӡом», - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба. ,p>Витали Габниа ажәалагала ҟаиҵеит ҿыц иаҧҵахо аҳәынҭқарратә комиссиа аусура хырхарҭа хаданы иазгәанаҭарц шахәҭоу аҳәынҭқарратә баланс аҟны иҟоу анхарҭа ҭыҧқәа рҳәаақәҵара, иара убас анхарҭа ҭыҧқәа роуразы агәаран иқәгылоу рсиа еиҭа ахәаҧшреи ихьчам атәылауаа рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусхкқәа рымҩаҧгареи.

Аҳәынҭкомиссиа аҧҵаразы Аусҧҟа хара имгакәа иаҵаҩхоит.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org