Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара

10.06.2015

Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аусуратә еилацәажәара.

Аилацәажәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, аҧыза-министр Артур Амқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Астамыр Ҭаниа, Амлаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, Афинансқәа рминистр Амра Қәаранӡиа, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аппба, Жәлар Реизара адепутатцәа Гәурам Барганџьиеи Гьаргь Агрбеи, Аексперттә Усбарҭа аиҳабы Иракли Хынҭәба.

Ахада иазгәеиҭеит аекономика ареалтә ҟәша аҿиаразы анаплакра маҷ асубиектқәа кредитла реиқәыршәара иамоу аҵакы ду: «Иахьатәи ҳаилацәажәара иаҳәоит ҳара ажәа аҟнытә аус ахь ҳшиасуа. Ҳтәылауаа аусура рҭахуп, уи агьрылшоит, ҳара абизнес маҷ анаплакқәа раартраҟны урҭ акредиттә цхыраагӡақәа роуразы аҭагылаазаашьақәа рзаҧаҳҵароуп».

Амилаҭтә Банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа аилацәажәара иалахәыз иреиҳәеит Амилаҭтә Банк иазнархиаз абизнес маҷ кредитла аиқәыршәаразы апрограмма ихадоу аҧҟара атәы. Уи хықәкы хаданы иамоуп анаплакра маҷ асубиектқәа льгота ҳасабла кредитла реиқәыршәара. «Ҧхынгәы 15 инаркны ари апроект аусура иалагоит. Акредитқәа рзы иазгәаҭоу ахархәагақәа 200 млн мааҭ дыртәоит, урҭ рахьтә 100 млн мааҭк акыҭанхамҩатә ҟәша иазкхоит, 100 млн мааҭк – егьырҭ анаплакра асубиектқәа. 1 млн мааҭк аҟынӡа акредитқәа 2 шықәса ҳәа аҿҳәара рыҭахоит, 3 млн мааҭк рҟынӡа - 3 шықәса», - иҳәеит Беслан Бараҭелиа.

Амилаҭтә банк Ахантәаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит ари апрограмма асоциалтә ҟазшьа шамоу, убри аҟнытә акредитқәа рзыҧҵәақәа (ставки) иахьынӡауаз ирмаҷын. «Азыҧҵәақәа анаплакқәа рзы шықәсык 6% дыртәоит ақыҭанхамҩа знапы алаку рзы, шықәсык 8 % - Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рзы, 12 % шықәсык- анаплакра маҷ егьырҭ асубиектқәа рзы», - иазгәеиҭеит Беслан Бараҭелиа. Уи иажәақәа рыла, Амилаҭтә Банк иазгәаҭаны иамоуп у амикрокредитттәразы даҽа программак . Уи ала атәылауаа 300 нызқь мааҭ рҟынӡа акредит рзаужьхоит.

Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит апрограмма планла рашәарамза агәҭаны аусура иалагарц азы аҭагылазаашьа аҧырҵарц. «Арҭ аицҵалыҵқәа зоураны иҟоу ииашаны аус рыдаҳулар, аамҭа-аамҭала кредитла реиқәыршәара ҳзеиҿаҳкаар ишақәнагоу, хылаҧшра аҳҭар апроект анагӡашьа, уи аамҭак иазыҧҵәоу аусура нагӡахацыҧхьаӡа афинанс азоужьхар, акредиттәра апрограмма алҵшәа акыр иҳаракхоит», - иҳәеит Ахада.

Ахада иазгәеиҭеит акредит азоужьра азҵаара аӡбараан уи иазыҳәо ауаа рыкредиттә ҭоурых ҳасаб азухоит ҳәа. «Уаанӡа аҳәынҭқарра ирнаҭаз акредитқәа рырхынҳәра апроцесс хацыркуп. 200 млн мааҭ акредиттә ҧара дырхынҳәххьеит. Ҳтәылауаа аҳәынҭқарра ирнаҭаз аҧарақәа шырхынҳәтәу рдыруазароуп», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.

Хара имгакәа Ахада иофициалтә саит аҟны икьыҧхьхоит анаплакра маҷ кредитла аиқәышәара азҵаарақәа рзы аилацәажәара астенограмма харҭәааны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org