Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ иҧылара

03.05.2015

Аҟәа, 13.00

Рауль Ҳаџьымба Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава дидидкылеит. Ирылацәажәеит Венесуела Аҧсны Ацҳаражәҳәара аусура азҵаарақәеи аҧсуа-венесуелатәи усеицура аҧхьаҟа арҭбаареи арҕәҕәареи.

Ҷыдала иазааҭгылеит Латиноамерикатәи атәылақәеи Аҧсни реимадара арҭбаара, арҵаулара атема. Убри инадҳәаланы ААР-еи Ацҳаражәҳәареи ҷыдала адҵақәа рзықәыпгылан.


Возврат к списку