Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиҧылара

18.05.2015

Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи адепутатцәеи реиҧылара.

Ахада дрылацәажәеит лаҵарамза 15, 2015 шықшсазы Шәача ақ. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ирезиденциаҟны имҩаҧысыз аиҿцәажәара иамаз алҵшәақәа. ,p>Уи инарҭбааны дырзааҭгылеит аиҧылараҿы излацәажәоз аҧсуа-аурыс усеицура иадҳәалаз азҵаарақәа, лымкаала, урыстәылатәи аинвестициақәа Мрагыларатәи Аҧсны араионқәа радҧхьалара, Аҧсны аимпортҧсахразы Урыстәылатәи Афедерациа апрограмма алаҵара, аихамҩатә кредит ақәхра ма уи ашәаразы аҭагылазаашьа аҧсахра, атәыла газла аиқәыршәара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳаиртә баҕәаза аиҭашьақәыргылара, иара убас рашәара 1 инаркны асоциалтә ҟәша финансла аиқәыршәара – атәанчахәқәа, хазы игоу абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәқәа рышәагаа аиҳатәреи рызҵаарақәа уҳәа уб егь. ,p>Адепутатцәа атуристтә аамҭа аламҭалазы зҿлымҳара аҭаны иазҵааит аҳәааи аҳазалхратә аужьратә пунктқәа рхыҧхьаӡара ацҵара азҵаара. ,p>Азҵаарақәа жәпакы рҭакқәа ҟаҵо, Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҿыцу азакәанҧҵаратә актқәа разырхиара азҵаараҿы азакәанҧҵаратә мчхара аганхьала аусеицура дшақәгәыҕуа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org