Аџьынџьтәылатә eибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи Аҧсны жәлари Аиааира Амш рыдныҳәалара

08.05.2015

Акыр иаҧсоу аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу Аҧсны атәылауаа!  

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара 70-шықәсахыҵра аныҳәа!  

Ауаатәыҩса рҭоурых аҟны аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи шьҭа 70 шықәса ҵуеит, аха ҳара аамҭа цацыҧхьаӡа анацизм ҧыххааны, ауаатәыҩса атәра иацәызыхьчаз асовет жәлар иаадырҧшыз афырхаҵара аҵакы еиҳагьы инарҵауланы иаҳныруа иалагоит.

Ҳаҭыр дула ҳарзыҟоуп зеиҧш ҟамлац афырхаҵареи агәымшәареи рыла Кавказ зыхьчоз, Москва амҵан иеибашьуаз, Курсктәи архәаҟны, Сталинград азы иеибашьуаз, Европа атәылақәа рхы иақәиҭызтәуаз, Берлин иажәлоз. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп 55 нызқьҩык Аҧснынтәи аурысқәеи егьырҭ СССР ажәларқәеи инарывагыланы Аҧсадгьыл ахьчаразы игылаз.

Ари амш азы ҳара ҳхырхәоит миллионҩыла Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа иалаӡыз, аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара ахьӡала.    

Иахьа Урыстәыла Дуи ҳареи доуҳала, ҩныҵҟала ҳаизааигәоуп, ҳаӡәыкны ҳаҟоуп. Ҳара ҳзеиҧш ҭоурых аҟны ари ахҭыс дуӡӡа, Аиааира, милаҭрацәалатәи асовет жәлар рфырхаҵара ашҟа иааҳарҧшуа аҳаҭыр ҳаиҩызаратәи аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа, ҳаидгылара, ҳастратегиатә усеицура арҕәҕәоит.

Акыр иаҳзаҧсоу аветеранцәа! Шәара ҩ-еибашьрак шәхыжәгеит – хьыӡла-ҧшала шәалҵит арҭ аҧышәара бааҧсқәа. Шәара шәрызгәдузар ҟалоит шәыхшара, шәмоҭацәа, фырхаҵарыла, гәымшәарыла Аҧсны зыхьчаз, уи ахақәиҭразы аибашьраҿы Аиааира ҳзаазгаз. Шәара шәыгәаҕьреи шәпатриотизми рхы цәырыргеит Аҧсны ахьчаразы игылаз абиҧара ҿыцқәа рыҟны.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра ду!

Аҧсны жәлар зегьы ирзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара!

Аиааира ду шәыдысныҳәалоит зегьы!  

Возврат к списку