29.04.2015
Черқьесск
Урыстәылазегьтәи аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара “Аибашьратә еиҩызара” Ҟарачы –Черқьестәи ареспубликатә ҟәша Ахеилак еицҿакны ишьҭырхыз аӡбамҭала Урыстәылеи Аҧсни ажәларқәа риашьара арҕәҕәараҿы илшамҭа ҷыдақәа рзы, 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра хатәгәаҧхарала иеибашьуаз ириҭо адгыларазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ианашьоуп “Аибашьраҿы агәымшәаразы” амедаль. Амедаль ианашьара мҩаҧысит Рауль Ҳаџьымба хатәгәаҧхарала Аҧсны иеибашьуаз – ауаажәларратә еиҿкаара “ҞЧА аҟнытә Аҧсны иеибашьуаз реидгыла” алахәылаҩцәа данырҧылоз.